Ажәабжьқәа

ТАМИЛА МЕРЦХӘЛААҦҲА: ААП АХЫҚӘКЫ ХАДА – АҦСНЫИ ШЬАМТӘЫЛЕИ АНАПЛАКЦӘА РУСЕИЦУРА АЦХЫРААРОУП

03.10.2019

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны имҩаҧысит ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳаи Шьамтәылатәи Арабтә Республика Жәлар Реизара аделегациеи реиҧылара.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, ААП ахада иазгәалҭеит, еиҳаракгьы агәахәара шлызцәырнаго, игәырӷьахәу Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш Аҧсны жәлар ирыцеиҩыршарц азы, аныҳәа рҽақәыршәаны иахьааз Шьамтәылатәи асасцәа.

- Ҳара есымша ҳрызгәдузаауеит Шьамтәыла жәлари, Шьамтәыла ахада Башар Асади – 2018 шықәсазы иҳауз Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵаразы.

Сара сеигәырӷьоит абас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа лассы-лассы иахьымҩаҧаҳго, – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Лара ажәа ҟәандала илгәалалыршәеит ААП аделегациа ҳаҭыр дула Дамаск ишрыдыркылаз, насгьы агәыӷра аалырҧшит, Шьамтәыла ишьҭыхыз азҵаарақәа зегьы ӡбахоит ҳәа, уи, ҳәарада, аҩ-тәылак рбизнес-еилазарақәа еизааигәанатәуеит.

Тамила Мерцхәлааҧҳа лажәа иалаҵаны илҳәеит, ААП шазыхиоу Аҧсны Ахәаахәҭратә ҩни Апалата Ахаҭарнакреи Дамаск раартра, иара убасгьы Шьамтәылатәи Ахәаахәҭратә ҩны Аҧсны иаатырц азы адгылара аҟаҵара.

- Аиҳабыра аганахьала, хаҭала Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба иҟынтә, ари азҵаараҿы адгылара ҳамоуп. Уи адагьы, анаплакцәа азҿлымҳара ду аадырҧшуеит. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳажәларқәа рыбжьара аусеицура аганахьала зегьы ҳаҧхьаҟа ишышьҭоу, - лҳәеит ААП ахада.

Шьамтәылатәи Арабтә Республика Жәлар Реизара адепутат, Шьамтәылатәи аибашьраҿы иҭахақәаз рҭаацәарақәа рхеилак анапхгаҩы Џьансеҭ Казанба аиқәшәара иалахәыз зегьы ирылалҳәеит, дара рделегациа алахәцәа рыла Шьамтәыла Жәлар Реизара аиҳабы иҟнытә Аиааира Амш иазкны Аҧсны жәлар зегьы адныҳәалара шырзааицҳаз.

Анаҩс, еизаз зегьы идлырдырит аделегациа алахәцәа: Ҳасиб Надим Ҭаҳан ЕП-аинрал, амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ; Аиман Ареф Ҳарук – аинрал, амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак алахәыла; Мари Шхада Битар – аполковник, амилаҭтә шәарҭадаратә хеилаки, аҳәсацәа рхеилаки рлахәыла; адепутат Фарес Нур Жнидан – Алеппо инхо Жниданаа рҭаацәара аиҳабы; Имад Салах Намур – анџьныр, амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак алахәыла; Ииад Ҳасан Исмаил – ауаажәларра рымадаразы аҭакҧхықәра зду.

– Ҳара даараӡа ҳазгәдууп Аҧсны аҩызцәа ахьҳамоу, насгьы Шьамтәыла аибашьра анеилашуаз Аҧсны жәлар иаҳзыҟарҵаз ацхыраара ҳхашҭраны ҳаҟам, – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Џьансеҭ Казанба.

Лара излалҳәаз ала, аибашьра шцозгьы, Шьамтәыла ахада Башар Асад Жәлар Реизара адепутатцәа адҵа риҭеит атәыла адәныҟатәи аимадарақәа рырҭбааразы аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаазарц, инагӡазарц. Уи адҵа алҵшәақәа ируакны иҟалеит Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵарагьы. Џьансеҭ Казанба аиқәшәара иалахәыз зегьы иргәалалыршәеит, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Дамаск имҩаҧысуа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа ианрылахәу, аҧсуа аекспозициа аганахьала шьамтәылатәи ажәлар еснагь лымкаала азҿлымҳара шаадырҧшуа атәы.

Лахьеиқәрала лара далацәажәон Аҧсны аҧыза-министр, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҧҵаҩы, уи раҧхьатәи ахада Геннади Гагәылиа машәырла иҭахара. Лара лажәақәа рыла, Геннади Леонид-иҧа иҭахара дыздыруаз шьамтәылауаа зегьы рзы ихьанҭоу цәыӡны иҟалеит.

Џьансеҭ Казанба излалҳәаз ала, Шьамтәылатәи аделегациа ирҧылеит Аҧсны аҽҧхьакырҭа зауз шьамтәылатәи арепатриантцәа.

– Шьамтәылатәи аекономикеи ааглыхреи рхеилак ала ҳара ҳазыхиоуп ҳтәылақәа аиҳабырабжьаратә усеицура рыбжьаҵаразы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата адгылара аҭара. Шьамтәылеи Аҧсныи рыжәларқәа еиҧшӡам, аха рхықәкқәа еиқәшәоит, убри азын ҳаицхыраароуп, ҳаидгылароуп, – иазгәалҭеит адепутат.

Џьансеҭ Казанба ААП ахадеи, апалата аусзуҩцәеи Шьамтәылаҟа ааҧхьара рылҭеит, лажәа инацҵангьыы иазгәалҭеит, шьамтәылатәи аделегациа Аҧсны рыҩны иҟоушәа рхы шырбо.

– Шәара шәтыла – Анцәа иҳамҭоуп, – лҳәеит лгәаанагарала Џьансеҭ Казанба.

Шәамтәылатәи асасцәа ражәа ҟәандақәеи, рзеиӷьшьарақәеи рзы иҭабуп ҳәа раҳәо Тамила Мерцхәлааҧҳа иазгәалҭеит, ААП қәҿиарала имаҷымкәа шьамтәылатәи аиҿкаарақәа аус шрыцыруа, иаҳҳәап – ааглыхратә палатақәа Рфедерациа, анапҟазацәа Реидгыла, Дамасктәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата. Уи иаҳәо акоуп – уаанӡа ҳнапы зҵаҳаҩыз аиқәшаҳаҭрақәа аус руеит.

ААП ахада еизаз иргәалалыршәеит, 2018 шықәсазы, ҭагалан Апалата еиҿнакааз Шьамтәылатәи анапҟазацәа реидгыла ахаҭарнакцәа злахәыз ацәыргақәҵа. Иагьазгәалҭеит, уи ахҭыс Аҧсны ауааҧсыра азҿлымҳара ду шрызцәырнагаз. Иара убасгьы ацәыргақәҵа даҭааит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

- Ҳара ҳазыхиоуп еиҳагьы зымҽхак ҭбаау аиармарка аиҿкаара. Иара убасгьы, ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы иаҳзаараны иҟоуп шьамтәылатәи ҳколлегацәа, Шьамтәылатәи Ахәаахәҭратә Ҩны аартра иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы, - лҳәеит Мерцхәлааҧҳа.
Лара убасгьы еиҭалҳәеит, Дамаск ақалақь аҟны ААП Ахаҭарнакреи Аҧсны Ахәаахәҭратә Ҩни иаадыртраны иахьыҟоу ахыбраҿы иахьазы аремонт шымҩаҧысуа.
– Ҳгәыӷуеит, 2020-тәи ашықәс актәи аквартал азы Ахәаахәҭратә Аҩны апрезентациа мҩаҧгахоит ҳәа, даараӡа ҳаигәырӷьоит уи аусмҩаҧгатә ахь шәаргьы шәымҩахыҵыр, – лҳәеит асасцәа рахь лхы нарханы Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, ААП азы ихадоу хықәкны ишыҟоу – Аҧсныи Шьамтәылеи анаплакцәа русеицура ашьақәыргыларазы ацхыраара аҟаҵара. Убри аамҭазы, абаџь зқәым ахәаахәҭразы атәылақәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра, ҳәарада, цхыраагӡа дууп аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рыҿиаразы.

– Шьамтәыла ҳара ҳзы – баша Аҧсны ахьыҧшымра азхазҵаз тәылам. Аиашьаратә жәлар еиҧш иҳаҧхьаӡоит, убри азын иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп ҳаимадара арӷәӷәаразы, – лҳәеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

ААП ахада шьамтәылатәи ажәлар ирзеиӷьылшьеит аиааира, аҭынчра, ашәҭыкакаҷреи, амшхәыбзазареи.

Аиқәшәара ахыркәшамҭазы зегьы агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит. Анаҩс, иформалтәым аҟазшьа змаз аицәажәарақәа мҩаҧган.