Ажәабжьқәа

АҦСНЫ АХӘААХӘҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА АҦСУА НАПЛАКЦӘА РААЛЫҴ ӠЫРНАГЕИТ ШАНХАИ ИМҨАҦСУАЗ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЦӘЫРГАҚӘҴАҾЫ

13.11.2019

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа напхгара ззылуаз апалата аделегациа ахы аланархәит Шанхаи (Китаи) имҩаҧысуаз афатәи, аӡыхаақәеи, асасааирҭатә маҵурақәеи, ауаажәларратә крыфарҭақәеи, ачаӡреи, азаҵәҭиреи ирызкыз Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа.

Ацәыргақәҵа рхы аладархәит 48 тәыла рҟынтә 3500 наплакы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп абас еиҧш атәылақәа: Австриа, Австралиа, Бельгиа, Бразилиа, Канада, Кипр, Ҭырқәтәыла, Чехиа, Урыстәыла, Даниа, Франциа, Германиа, Индиа, Италиа, Иапониа, Кореиа, Таивань, Мексика, Польша, Португалиа, Сингапур, Испаниа, Таиланд, Британиа Ду, Америка уҳәа убас егьырҭгьы

Ацәыргақәҵа актәи амш азы, Аҧсны Аҳәынҭқарра апавилион даҭааит Шанхаи иҟоу Урыстәыла Афедерациа аконсул хада Александр Шманевски, иара убасгьы Шанхаи иҟоу Урыстәылатәи ААП ахаҭарнак Виачеслав Денискин.

«Азиа-Аокеанҭынчтәи арегионахь иаҵанакуа жәларбжьаратәи анаплакқәа рҿаҧхьа аҧсуа наплакцәа раалыҵ ацәыргара, ҳәарада, Китаи, иааидкыланы Азиа зегьы рџьармыкьақәеи ҳареи аимадара ҳабжьаҵаразы акырзҵазкуа шьаҿуоп», - иазгәалҭеит Тамилла Мерцхәлааҧҳа.

Ацәыргақәҵа аусура хыркәшахоит абҵара 14 рзы.