Ажәабжьқәа

САНКТ-ПЕТЕРБУРГ ИМҨАҦЫСИТ II ЕВРАЗИАТӘ АҲӘСА РФОРУМ

20.09.2018

Сентиабр 19 азы, Санкт-Петербург имҩаҧысит Аҩбатәи Евразиатә аҳәса рфорум. Урыстәыла Аҳәынҭқарра Афедералтә Еизара Афедерациақәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ иааицҳаз ааҧхьара ала, Афорум лхы алалархәит Аҧсны Аҳәхынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Аусмҩаҧгатәқәа еиҿыркааит Урыстәыла Аҳәынҭқарра Афедералтә Еизара Афедерациақәа Рхеилаки Ихьаҧшым Атәылақәа Реилазаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа Рпарламентбжьаратә Ассамблеиа. 

Афорум аусура аҿы иалахәын зықьҩык инареиҳаны ауааҧсыра, 110 тәыла рыҟнытә. Ааҧхьара рыман аҳәсацәа - адепутатцәа, аҳәынҭқарра аиҳабыра аҟны аҭыҧ змоу, адунеизегьтәи ахеилакқәа аусзуҩцәа, аҵарадырратә хырхарҭа ала аус зуа, аҳәсақәа-анаплакҩыцәа, агәыҳалалратә хеилакқәа рнапхгаҩцәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа иалахәын – аиустициа аминистр Марина Ԥилиаҧҳа, акультура аминистр Ельвира Арсалиаҧҳа, абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, афинансқәеи, ашәахтәи рзы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Акомитет ахантәаҩы Натали Смырҧҳа, АААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Аҩбатәи Евразаитә аҳәсацәа рфорум аусура еиқәыршәан Еидҵоу амилаҭқәа Реилазаара Ассамблеиа Хада цәыббра 25, 2015 шықәса азы иаднакылаз Адекларациа «Ҳдунеи аҧсахра: амшхәаҧштә хада - иҭышәынтәалоу аҿиара 2030 шықәса аҟнынӡа». 

Афорум аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәеит аполитикаҿы аҳәсақәа рылшарақәа рырҭбаара, ацифратә економика аҿиара, аекологиатә шәарҭадара аиқәыршәара иацу апроблемақәа, адунеизегьтәи аимадара арӷәӷәара, агуманитартәи агәыҳалалратәи программақәа ралырҵәара.  

Афорум аусура еиқәыршәан апленартә еизарақәеи, астратегиатәи аексперттәи сессиақәеи, аҭҵаарақәа рӡыргареи ала. Иара убасгьы аус руан Еидҵоу амилаҭқәа Реилазаара иатәу аилацәажәарҭатә ҭыҧқәа еиуеҧшым азҵаарақәеи апроблемақәеи иахьрылацәажәоз.

Аусуратә программа иақәыршәаны, АААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа, даҭааит Апарламенттә Центр аҟны зӡыргара мҩыҧысуаз аҳәсацәа-аекспортиорцәа рпроект «Урыстәыла иҟаҵоу: аекспорт аҳәсақәа рнапала» зыхьӡыз. Араҟа ицәыргақәҵан аҳәсацәа зхагыло анаплакырақәа иҟырҵо еиуеиҧшым аалыҵқәа, анаҩс нҭыҵџьармыкьақәа рахь инагахо.

Ацәыргақәҵа аалыртит Афедералтә Еизара Афедерациақәа Рхеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко. «Аҳәсатә наплыкра аҿиара XXI ашәышықәсазы адунеизегьтәи аеконмика драиверс иҧхьаӡоуп, ҳаҧхьаҟагьы уи аҵакы еиҳахалоит», - азгәалҭеит Матвиенко, еизаз зегьы ирзеиӷьашьо қәҿиарала аусура.

Анаҩс, Матвиенко аекспозициа дахәаҧшит, аҳәсацәа-анаплакцәа драцәажәеит, лхы алалырхәит аилацәажәаратә ҭыҧқәа руак аҟны.

Аҩбатәи Евразиатә аҳәсацәа рфорум раҧхьатәи амш хырқәшан Мариинтә театр аҟны, уи аопереи абалети артистцәа рықәгылара ала. Ахәылҧаз аалыртит Аҧсни Урыстәылеи Жәлар Рартистка Хьбыла Герзмааҧҳа. Анаҩс иарҳәан аоперақәа Верди, Рахманинов, Пуччини, Безе рыҟнытә аҵаҧҵәахақәа. Асимфониатә аркестр напхагара азиуан Михаил Синькевич.

Ахәылҧаз Мариинтә театр аҟны еиҿкаана Афедерациақәа Рхеилак Валентина Матвиенко лыхьӡ ала.