Ажәабжьқәа

КОРЕИА ЖӘЛАР ДЕМОКРАТИАТӘ РЕСПУБЛИКА АҞНЫ АҦСНЫ ИАЗНЕИТ ИХЬЫҦШЫМ ҲӘЫНҬҚАРРАК АҲАСАБ АЛА

20.08.2018

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа Аҧснытәи амассатә информациатә хархәагақәа рзы имҩаҧылгеит апресс-конференциа, Кореиа Жәлар Демократиатә Республика лаҭаара алҵшәақәа реиҭаҳәаразы.

Аҧсуа делегациа иалахәын: Аҧсны ААП анапхгара ахаҭарнак Адгәыр Лышәбеи, ААП адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы Кама Ҵәыџьҧҳаи.

– Ҳныҟәара ахықәкы хада – ҳҳәынҭқарра аӡыргара акәын. Иахьазы, Аҧсны иазкны Кореиа ирдыруа зынӡа имаҷӡоуп. Иара убасгьы, ҳҿаҧхьа икәгылан аҩ-республикак рҟынтә анаплакыҩцәа, рыбжьара ахәаахәҭратә-економикатә еимадара аизырҳара, иҿыцу аконтактқәа рышьақәыргылара атемала, - ҳәа рзеиҭалҳәеит аҧсуа журналистцәа Тамила Мерцхәлааҧҳа.  

Аҧсны ААП ахада инаҵшьны иазгәалҭеит, Аҩадатәи Кореиа Ахәаахәҭратә палата аиҳабыра, раҧхьаӡа акәны декабр 2017 шықәсазы, аимадареи аусеицуреи азы агәаҳәара ирымоу шаадырҧшыз. Убри инақәыршәаны иагьаарышьҭит раҧхьаӡатәи аофициалтә шәҟәы аимадара ашьықәыргыларазы. Шықәсыбжак инеиҳаны, аҧсуа делегациа Аҩадатәи Кореиа раҭаареи, уа рыҟазаареи апрограмма аҩ-ганк аицҳәаақәҵара иаҿын.

Нанҳәамза 14 азы, Аҧсны ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳеи, Кореиа Жәлар Демократиатә Республика Ахәаахәҭратә палата аиҳаби Риу Хен Чхори реиқәшәара аҳәаақәа ирҭагӡаны рнапы аҵарҩит апалатақәа еицырзыфеидоу аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшәара мҩаҧысуан КЖәДР Ахәаахәҭратә Палата ахан аҟны.

Аҩ-ганк рхы иадырҵеит, аекономикатәи, ахәаахәҭратәи, анаука-техникатәи еимадарақәа аҩ-республикак рнаплакқәеи, русбарҭақәеи рыбжьара реизырҳаразы ирылшо зегьы ҟарцоит ҳәа.

Аҩ-палатак рхадацәа ргәаанагарала, ари аиқәшаҳаҭра Аҧсни Аҩадатәи Кореиеи рыбжьара аимадара аҿиара аимпульс шанаҭо, насгьы, аҩ-ҳәынҭқаррак рнаплакыҩцәа рыбжьара ишаҧнаҵо алшарақәа ишиашоу абизнес-контактқәа рышьықәыргылараҿы. 

- Ҳара иҭабуп ҳәа аҳҳәоит КЖәДР Ахәаахәҭратә палата, хаҭала уи ахантәаҩы Риу Хен Чхор, Аҧсны аделегациа азы имҩаҧгаз, аҧхареи аҩызаратә знеишьеи зцыз адкыларазы. Ҳара ҳзы, иофициалны Аҩадатәи Кореиа аҭаара даара ҳҭыс дууп. Уи иагьаҵанкуеит Азиа аҳәынҭқаррақәеи ҳареи ҳаимадара азы ашәқәа аатит ҳәа.

Ҳара ҳзы гәахәара дуун, Аҧсны ихьыҧшым ҳәынҭқаррак аҳасаб ала иахьазнеиз, Аҧсни Аҩадатәи Кореиеи рыбжьара аимадара абжьаҵаразы еиуеиҧшым аусқәа рымҩаҧгара иахьалацәажәоз. Аҧсны аделегациа Аҩадатәи Кореиа аҭаара раҧхьаӡа иргыланы иаҳнарбоит акыраамҭатәи еицырзыфеидоу аимадара рыбжьаҵаразы аҩ-ганк аинтерес шрымоу. Ҳәарада, иаарласны еицаҳзеиҧшу аекономика ашьақәыргылара мариаӡам, аха, аполитикатә ҭагылазаашьеи, ҳаицәыхарареи азгәаҭангьы, агәра ганы сыҟоуп еиуеиҧшым еицаҳзыфеидоу аусеицура аформақәа шаҳаҧшаауа, - ҳәа азгәалҭеит Тамила Мерцхәлааҧҳа. 

КЖәДР Ахәаахәҭратә палата ахантәаҩы Риу Хен Чхор иганахь ала иазгәеиҭеит, Аҧсуа делегациа Кореиа раҭаара ишҭоурыхтәу, насгьы агәыӷра ааирҧшит аҩ-республикак рыбжьара ишышьақәгыло аиҩызаратәи аусеицуратәи аимадарақәа.

Иара еиҭеиҳәеит Кореиа Жәлар Демократиатә Республика аҟны иаҧҵоу аинвестициатәи авалиутатәи ҧҟарақәеи, насгьы Аҩадатәи Кореиа адгьыл ахархәареи уи қьырала агара азы азнеишьақәеи ртәы.

Убасгьы, Чхор иазгәеиҭеит, Кореиатәи Ахәаахәҭратә палата иалшо зегьы шыҟанаҵо рҳәынҭқарра аекономикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы. КЖәДР Ахәаахәҭратә палата еиҳарак аус рыцнауеит аҳәаанырцәтәи апалатақәа, убригь иабзоураны 100 тәылаки дареи ахәаахәҭратә еимадарақәа рыбжьоуп.

Аиҧылараан ирылацәажәеит Аҧснытәи аҩқәа Аҩадатәи Кореиа ашҟа рекспорт азы имҩаҧгатәу аусқәа, иара убас адистрибиуттә шьаҭалагьы. Насгьы, Кореиантәи аусуҩцәа раагара Аҧсны арҧхарҭақәеи егьырҭ еиуеиҧшым аобектқәеи рыргыларази, аҩ-тәылак еицырзеиҧшу Аҧснытәи аекзотикатә шәырқәа ирылхны аџьемқәа ҭзыжьуа анаплкақәа раҧҵарази. Иналкааны иалацәажәеит кореиатәи IT аспециалистцәа иҿыцӡоу акомпиутертә программақәа Аҧсны аларҵәара иахьынӡалшо атәы.

Аҩадатәи Кореи, март мза 2013 шықәсазы, имҩаҧнагаз атомтә рҭҟәацга ахҧатәи аҧышәарақәа иахарҟьаны, Еиду Амилаҭқәа Реилазаара Ашәарҭадаратә Хеилак иаднакылеит Арезолиуциа 2094. Уи инақәыршәаны КЖәДР аганахь ала жәларбжьаратәи афинанстә система аҟнытә аҧара анашьҭра азы асанкциақәа алагалан. Кореиатәи Ахәаахәҭратә палата ахантәаҩы агәыӷра ааирҧшит уи ахырхарҭаҟны аҧсуа коллегацәа рыцхыраара ишықәгәыӷуа. Иара убасгьы Аҧсуа делегациа ажәа риҭеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡыргара шымҩаҧиго Аҩадатәи Кореиа абизнесменцәа рзы.

 Тамила Мерцхәлааҧҳа лажәақәа рыла, Аҩадатәи Кореиа Ахәаахәҭратә палата анапхгара гәахәарыла ирыдыркылеит Аҧсныҟа раҭааразы ааҧхьара. Риу Хен Чхор иазгәеиҭеит Аҧсны аганахь ирымоу азҿлымҳара даара ишыҳараку, иагьшаҭаауа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа. 

- Риу Хен Чхор акырынтә инаҵшьны иазгәеиҭон ҳҳәынҭқаррақәа ирымоу аиҧшрақәа. Раҧхьаӡа иргыланы ахьаҧшымра азықәҧара - наџьнатәгьы, иахьагьы. Аҧсуа делегациа ахаҭарнакцәа рацәажәараан иара иазгәеиҭеит, абизнес аполитика иалаҩашьар шыҟамло. Аха уи аамҭазгьы, игәаанагарала аекономикатә сфера аҟны аусеицура аизҳара иахылҿиаар шалшо Аҧсны ахьыҧшымра Кореиа Жәлар Демократиатә Республика аганахь ала азхаҵара, - лҳәеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Аҧснытәи ААП ахада лажәақәа рыла, аҧсуа делегациа Аҩадатәи Кореиа рыҟазаара иалагӡаны иаҭааит Тедонгантәи ашәыраарыхратә комплекс - адунеи аҟны иреиҳаӡо акомплексқәа руак, иара убасгьы акафель «Чхоллима» ҭзыжьуа азауад, ирҧылеит ахеилак «Jinsong Joint Venture Company» (ааглыхра ласы азы аминистрра аҿы иаҧҵоу, аӡахразы еиуеҧшым ахархәагақәа рҭыжьра иазку) ахаҭарнакцәа. Насгьы аҧсуа делегациа азы еиҿкаан абатә хеилак «Чоиан» аҭаара, уаҟа иҭрыжьуеит хкырацәала зхаҭабзиара ҳаракәу абымбақьаад иалху аалыҵ.  

Пхениан ақалақь аҟны имҩаҧысит еиҳа еиҵымаз ҵакы змаз аиҧылара. Аҧснытәи ААП ахада дидыикылеит Кореиа Жәлартә Демократиатә Республика иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Мацегора.

Тамила Мерцхәлааҧҳеи Ацҳаражәҳәаи реицәажәараан ишьҭыхын Аҩадатәи Кореиеи Аҧсни русеицура азы иаҟоу алшақәа ирызку азҵаарақәа. ААП ахада еиҭалҳәеит Аҧсны аделегациа КЖәДР раара хықәкы хадас иамоу, иагьызгәалҭеит раҧхьатәи ашьаҿа – аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аҩ-палатак знапы аҵрыҩыз акыр шаҵанакуа ҧхьаҟатәи аимадара азы.

Александр Мацегора иазгәеиҭеит, акыр шаҵанакуа аҩ-тәылак рыбжьара аекономикатә еимадара аҿиара. Убасгьы аҧсуа делегациа ирабжьигеит акультуреи аспорти рганахь ала аусеицура ахацыркра. Иара иганахь ала агәра диргеит дшазыхиоу Аҧсны ААП алагамҭақәа рыдгылара.  

Ацҳаражәҳәаҩ ҷыдала иазгәеиҭеит аҩадатәикореиа жәлари урҭ ахьаҧшымрахь ирымоу рҽазышәарақәеи гәыкала дшырзыҟоу. Александр Мацегора иажәақәа рыла, Кореиа Жлартә Демократиатә Республика ируакуп 12 тәыла аофициалла зпозициа азырбаз Крым аганахь ала, иагьазхарҵеит Крым Урыстәыла Афедерациа иузаҟәымҭхо хәҭакны ишыҟоу.

Тамила Мерцхәлааҧҳа КЖәДР аҭаара ахҳәаа ҟаҵо иазгәалҭеит, даара дшазҿлымҳаз хкырацәала мапацәкратә ҧҟарақәа змоу атәыла аҧсҭазаашьа хаҭала абара.  

- Аҳәаанырцәтәи амассатә аинформациатә хархәагақәеи, аҳәаанырцәтәи ахеилакқәеи ишырҳәо, ишаҳдырбо еиҧш зегь ыҟам. Аҩадатәи Кореиа акәша-мыкәша идырҿио амифқәа даара ирацәоуп. Аха ус шакәугьы, иҟоуп фактқәак аиаша иақәшәо. Иаҳҳәап, еиҳараҩык ауааҧсыра рзы аинтернет аркуп. Акыр зҵазкуа аҭыҧ аанакылоит – ахаҭаратә культ. Ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи рҿы англыз бызшәа аҵаразы ҧырхага ҳәа акгьы ыҟам, англыз бызшәа здыруагьы, иара ала ицәажәогьы рацәаҩуп.

Аурыс бызшәа зехьынџьара ирҵоит. Убасгьы иашам аинформациа, аҳәаанырцәтәи авалиута ахархәара азы азин ыҟам ҳәа: аҩадатәикореиатә воно инаваҟәыло ауааҧсыра рхы иадырхәоит адоллари, евро, иуани, - лҳәеит Тамила Мерцхәлааҧҳа. 

Лара иазгәалҭеит, атәыла аекономика еиҳау азбжарак аҳәынҭқарра ишатәу. Ахатә еилакқәа зынӡа имаҷуп, убасгьы КЖәДР аҟны заҵәык шакәу ауааҧсыра аҳәынҭқарра аҿаҧхьа ашәахтәқәа ахьрыдам. Насгьы алаҵәара шрымоу агәыҳалалратә лагалақәа ахәыҷтәы усбарҭақәеи, ақыҭанхамҩеи, ари рырҿиареи рныҟәгареи азы. 

Тамила Мерцхәлааҧҳа инаҵшьны иазгәалҭеит КЖәДР ацқьара ахьаҧу ҳәынҭқарраны ишыҟоу. Иара убасгьы ацәгьоурақәа шмаҷу, избан акәзар, ауааҧсыра пату ақәырҵоит рҭоурых, ртрадициақәа, рҳәынҭқарра аҧҟарақәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада иазгәалҭеит Аҩадатәи Кореиеи Аҧсни ирымоу аиҧшрақәа: аҧсуа делеагциа Пхениан ианыҟаз аамҭазы, КЖәДр ауааҧсыра иазгәарҭон рҳәынҭқарра ахақәиҭреи Иапониа Аҩбатәи Адунеизегьтәи еибашьра аан ахьаҵреи иазку аныҳәамш. Аҧсуа делегациа ирыман алшара аныҳәатә парад хаҭала абаразы – Кореиа Жәлар Демократиатә Республика аҧҵара 70 шықәса ахыҵра (цәыббра 9) иазку аҽазыҟаҵарақәа.

- Ари даара асимволикатә ҵакы амоуп, зегьы иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ныҳәақәа Аҧсни Аҩадатәи Кореиеи иахьазгәарҭо цәыббра мзазы, - лҳәеит Аҧсны ААП ахада.