Ажәабжьқәа

Итальиатәи абизнес-центрқәа рымадара ашьақәыргылара

09.07.2014

Ҧхынгәы 8, Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палаҿ имҩаҧган ахада ихаҭыҧуаҩ Максим Ӷәанџьиеи Итальиатә абизнес-центрқәа рхантәаҩы, Тунис иҟоу Франческо Лу Иудиче реиҧылара. Иалацәажәан Аҧсныи Италие Туниси рбизнес ахаҭарнакқәа реимадара азҵаара. Ихаҭоу ҭыҧк аҳасаб ала иалацәажәан Аҧсны аекономикеи аинвестициатә проектқәеи рырҿиара.

Мақсим Ӷәанџьиа иазгәеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата аганахь ала иалшо ацхыррара шыҟанаҵо аҧсуа напалакыҩцәа рымадареи, иаҭаххо аинформациа адгалареи рзы.

Итальиатәи абизнес-центрқәа рхантәаҩы иара ихәҭаахь ала иазгәеиҭеит дшал ҿлымҳау аҧсуа напалакыҩцәа инарҭбааны аимадара рыбжьаҵара.

Аиҧылара ахырхәшамҭаз аҧсуа наплакы ЗҲәА «Доминго» Итальиатәи абизнес-центрқәеи аиқзшаҳаҭра рыбжьарҵеит.