Ажәабжьқәа

Германиа иаартуп Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аофициалтә хаҭарнакра

15.09.2017

Цәыббрамза 12-14 рзы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа еиҳабыс дызмаз апалата аделегациа Афедеративтә Республика Германиа аҳҭнықалақь Берлин иаҭааны иҟан. Аделегациа иалахәын иара убас апалата ахада ихаҭыҧуаҩ Тамила Мерцхәлааҧҳаи, Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы Кама Ҵәыџьҧҳаи.

Аҭаара хықәкыс иаман Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакра аартра. Уи аартхеит Берлин ақалақь аусуратә хәҭаҿы ишьҭоу иреиӷьу араионқәа руак аҿы. Ахаҭарнакра напхгара аиҭоит даараӡа Аҧсны згәы азыбылуа Германиа атәылауаҩ Вольфганг Матцке. Иара уаанӡагьы хатәгәаҧарала Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакыс аус иуан.

Ари ахаҭарнакра аартразы акыршықәса рыҩнуҵҟа Германиа еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рацәажәарақәа мҩаҧысуан, иара убасгьы акыраамҭа агеит ахаҭарнакра ахаҭа ашәҟәы аҭаҩра апроцесс.

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакра аартра иадҳәаланы цәыббрамза 13 рзы имҩаҧган апрезентациа. Уи рхы аладырхәит Германиа иҟоу Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакра аиҳабы Сергеи Никитин, Германиа зыхьӡ нагоу абизнесуаа, аҵарауаа, Бундестаг адепутатцәа, ажурналистцәа, иара убас ауаажәларра рхаҭарнакцәа, акыршықәса инеиҧынкыланы Аҧсны ахыҧша аӡыргаразы ааҧсарада аус зуаз. Аҧснытәи аделегациа авагылара рылҭеит Берлин ақалақьаҿ инхо, Германиа иҟоу Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амчра нагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷҧҳа.

Апрезентациа иаҭааз асасцәа идырбан хықәкыла ари аусмҩаҧгатә азы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата немец бызшәала иазнархиаз афильм, уи даара аинтерес цәырнагеит, имаҷымкәагьы иалацәажәеит. Асасцәа ирызшан иара убас немец бызшәала иҭыжьыз акьыҧхьтә продукциа.

Апресс-конференциа анхыркәшаха ашьҭахь асасцәа нарыҧхьеит ирыздырхиаз афуршет ахь.

Апресс-конференциа амҩаҧысра мышкы шагыз Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа Потсдам имҩаҧыргеит Аҧсны аганахьала аинтерес аазырҧшуа анемец бизнесуаа рзы хаҭалатәи ахәылҧаз. Уаҟа иӡырган аҧсуа уаҭка «Ачара», насгьы уи иалхыз еиуеиҧшым акоктеильқәа ргьама дырбан.

Цәыббрамза 13 ахәылбыҽха аҧсуа делегациа рхы аладырхәит Урыстәылеи Германиеи рекономикатә еизыҟазаашьақәа ирызкыз ахәылҧаз. Ишдыру еиҧш, Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара астратегиатә еизыҟазаашьақәа рынахысгьы, аекономика аганахьалагьы аусеицура мҩаҧысуеит. Убри аҟнытә Геннади Гагәлиа дызхагылаз аҧснытәи аделегациа ҳаҭыр зкәу асасцәа раҳасабала ари ахәылҧаз иалахәын.

Ахәылҧаз ахь ааҧхьара рыман 80-ҩык инареиҳаны асасцәа, урҭ зегьы идырбан Аҧсны, уи аекономикатә, аинвестициатә лшарақәа ирызкыз афильм. Афильм даара азҿлымҳара ду аман. Абраҟа иҳәатәуп ахәылҧаз илахәыз рыбжьара ишырацәаз асовет аамҭақәа рзеиҧш Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара ашьҭахьгьы ҳаҧсадгьыл акырынтә иаҭаахьаз Германиа атәылауаа.

Ахәылҧаз аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиеи Германиа иҟоу Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакра аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Павел Рубцови реиҧылара.

Ахәылҧаз асасцәа ирзеиҿкаан афуршет, ирыдгалан Аҧсны аӡбахә зҳәо, немец бызшәала иазырхиаз акьыҧхь.