Ажәабжьқәа

Фатима Ахҧҳа «Аҧсны иреиӷьу акондитер 2018» ҳәа ахьӡ ҳаракы даҧсахеит

08.05.2018

Маи 8 рзы, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата асасааирҭа «Интер-Сухум» аҟны имҩаҧнагеит «Ахаа-мыхаа аныҳәа – маи 9» ҳәа хьӡыс измаз V-тәи ачысҟаҵаратә еицлабра.

Иазгәаҭатәуп, Акондитерцәа реицлабра 2013 шықәсазы ишаҧҵаз, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҧшьгарала. Есышықәса иара амҩаҧгара акрызҵазкуа аныҳәатә рыцхәак иадырҳәалоит. Убри атрадициа иацҵауа, сынтәа «Ахаа-мыхаа аныҳәа» адҳәалан 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира Ду Амш – маи 9.

Асасааирҭа «Интер-Сухум» абанкеттә зал аҟны ишьақәыргылан Аҟәа инхо Аибашьра Ду аветеранцәа рфотосахьақәа зкыдыз абаннер.

Аныҳәа аламҭалаз, шьыжьнаҵы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩцәа, ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа лыхьӡала, рыҩнқәа ирҭааны ирыдырныҳәалеит Аҟәа инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа – Валентина Ефим-иҧҳа Шульгина, Филипп Иуана-иҧа Артиух, Бронислав Иан-иҧа Банковски, Нона Иуана-иҧҳа Дорофеева, Владимир Илиа-иҧа Костин, Борис Кьамшьышь-иҧа Кәҭарба, Артаваз Мехак-иҧа Никогосиан, Анна Никәала-иҧҳа Панасенко, Владимир Семион-иҧа Прокопчук. Урҭ ирызнаган ахаа-мыхаақәеи аҧаратә ҳамҭақәеи.

«Ари аицлабра амҩаҧгара хықәкыс иамоуп акондитер изанааҭ ауаа рыларҵәара, ахаа-мыхаақәа рыҟаҵара знапы алаку аҟазацәа рцәыргара. Есышықәса еиуеиҧшым ҳақалақьқәа рҟынтә ари аицлабра зхы алазырхәуа рыҧхьаӡара иацлоит», – ҳәа азгәалҭеит ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Лара иацылҵеит, аицлабра аиҿкаареи уи аҟны аиааира згаз рзы аҳамҭақәа раахәареи Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахарџь ала ишалыршаз.

Сынтәатәи ачысҟаҵаратә еицлабра рхы аладырхәит Аҧсны ақалақьқәа зегьы рҟынтә 26-ҩык аицлабцәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан зыхьӡ бзианы ирдыруа акондитертә наплакқәа реиҧш, хаҭалатәи акондитерцәеи, иара убас ачыс хаақәа рыҟаҵара иазҟазоу, уи бзиа избо алахәцәеи.

Аицлабрада ари аныҳәаҿы рчысхкқәа цәырыргеит: Гәдоуҭатәи «Бисквитный двор», Гагратәи «Мон-Кафе», Аҟәатәи акондитертә наплакы «В шоколаде», иара убас хаҭалатәи анаплакҩы Оксана Шахьынба.

Аицлабра амҩаҧгара аҧҟарақәа ишырҳәо ала, ачыс хаа аҟаҵаҩцәа еицлабуан хә-номинациак рҟны: «Иреиӷьу мрагыларатәи ачыс хаа», «Иреиӷьу амажәа иалху ачыс», «Иреиӷьу ахаачыс», «Иреиӷьу аторт», «Ахәаҧшцәа рҳамҭа».

Аицлабра аӡбаҩцәа еиҳабыс дроуит Аҧсны акультуреи аҭоурыхтә-кульутратә ҭынхақәа рыхьчареи рминистр Ельвира Арсалиа. Аӡбаҩцәас иҟан иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа аиҳабы Кама Гогьиа, Аҧсны иҟоу Аурыс культуратә центр ахантәаҩы, Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет Аурыси аҳәаанырцәтәи алитературақәа рҭоурых акафедра арҵаҩы еиҳабы Наталиа Каиун, ачыстә ааглыхра анџьныр-технолог Надежда Гериа, А. Ч. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музикатә ҵараиурҭа адиректор Нинель Бжьаниа, Аҧсуа теле-радио еилахәыра адиректор хада ихаҭыҧуаҩ Рада Аргәын.

Аӡбаҩцәа реихшьала ҟарҵонаҵы, аицлабра иаҭааз асасцәа рыбжьара алотереиа мҩаҧган, еиуеиҧшым ачысҟаҵага маҭәахәқәа ықәҵаны.

«Иреиӷьу мрагыларатәи ачыс хаа» аноминациаҿы аиааира лгеит зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз, иахьа Аҟәа инхо ҳаҳәшьа Чаха Суреиа.

«Иреиӷьу амажәа иалху ачыс» аноминациаҿы аиааира лгеит Николь Лазба, акондитертә наплакы «АКАЛАҬ», Аҟәа.

«Иреиӷьу ахаачыс» ҳәа ахьӡ иаҧсахеит Викториа Гогәуа лыҟаҵамҭақәа, акондитертә наплакы А&A, Аҟәа.  

«Иреиӷьу аторт» акәны иҧхьаӡан хаҭалатәи анаплакҩы Фатима Ахҧҳа лыҟаҵамҭа. Лара лоуп аӡбаҩцәа рыбжьқәа реиҳарак заузгьы, иара убри алагьы «Иреиӷьу Аҧсны акондитер 2018» ҳәа ахьӡ лыхҵан.

Ҵыҧхтәи аицлабраҿы аиааира згаз Оксана Шахьынба лторт ҳамҭас илылҭеит сынтәатәи аиааирагаҩ.

Аицлабра иаҭааз асасцәа рыбжьыҭара иалҵшәаны далкаахеит «Ахәаҧшцәа рҳамҭа» иаҧсахаз Аҟәатәи ачысхаа ҟаҵаҩы Малика Каралова.