Ажәабжьқәа

Ацәыргақәҵа-аҭира «Ивановтәи аба»

27.10.2017

VIII-тәи Аҧсуа-аурыс усутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху Аспорт аҳҭынраҿы имҩаҧысуеит аҭиратә цәыргақәҵа «Ивановтәи аба». Ари аусмҩаҧгатә еиҿкаауп Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхартә палата ацхыраарала.

Аҭааҩцәа рҿаҧхьа ицәыргоуп аилазаара «Студиа ДС» аалыҵ: аиара маҭәа, ахчқәа, ахызақәа, ақәыршәқәа, аллергиа узымҭогьы уахь иналаҵаны, аҩнтәи атрикотаж, ахалаҭқәа, ампахьшьқәа уҳәа – аҩны иуҭаху аба иалху зегьы. Аалыҵ ахәқәа ҳаракым, угәы иахәартә иҟоуп.

Аба-аалыҵ ацәыргақәҵахь иаалгеит «Студиа ДС» адиректор Татиана Круковскаиа лхаҭа. Еиқәаҳаҧхьаӡаз ахққәа рыдагьы ари анаплак аҟны иҟарҵо рацәоуп.

«Ари аханатә сара саҧшьгамҭа акәын. Ивановтәи аобласт Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата алахәылак лаҳасабала Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата садҵаалеит, хаҭала уи ахада Геннади Гагәлиа сиацәажәон, саалыҵ аӡбахә изеиҭасҳәеит, насгьы Аҧсны атәылауаа рҿаҧхьа саалыҵ цәырызгар шысҭаху иасҳәеит. Сааҧхьара рыдыркылеит, насгьы аалыҵ аинтерес зызцәырнагаз абизнесуааи, асасааирҭақәеи апансионатқәеи рдиректорцәеи рсиақәа сырҭеит», – лҳәеит Татиана Круковскаиа.

Аха, апотенциалтә аахәаҩцәа аалыҵ аархәаанӡа, зны рыблала ирбар рҭаххеит, убри аҟнытә адиректор илыӡбеит Аҟәа ацәыргақәҵа аартра.

«Даҽазныкгьы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа иахь аҳәара ҟасҵеит ацәыргақәҵа аиҿкаараҿы дсыцхраарц. Иара исабжьигеит VIII-тәи Аҧсуа-аурыс усутә форум иақәыршәаны ари аусмҩаҧгатә еиҿаҳкаарц, ус иагьыҟаҳҵеит», – ҳәа азгәалҭеит Круковскаиа.

Ивановтәи аба еснагь ахьӡ аман, ари аалыҵгьы урҭ атрадициақәа ирықәныҟәоит, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара аба ахаҭабзиара еиҳагьы иҳаранакуеит.

Рхы иадырхәо аматериалқәа зегьы аекологиа аганахьала ицқьоуп, иҧсабаратәуп. Абамба Узбекистанынтә иааргоит, ахчқәеи ахызақәеи ирҭарҵо – амахҽ ахәы – Туркмениантәи. Аспецмаҭәа аҟаҵара иалахәуп амедикцәагьы, урҭ иҿарҵоит дара рзы иманшәалоу амаҭәа, нас еиқәшаҳаҭрала акы иазааиуеит.

«Студиа ДС» адиректор Татиана Круковскаиа лажәақәа рыла, Аҧсны адәқьан аартра дазыхиоуп, аалыҵ иара ахә ала, уаҳа иацымҵакәа, иааухәар ахьулшо.

«Аӡәгьы аҵыхәтәанынӡа агәра игомызт арахь ҳшааҵәҟьо, Геннади Гагәлиагьы уахь дналаҵаны. Зажәа назмыгӡо анаплакцәа аӡәырҩы рҟны аус роухьазар ҟалап. Аха сара агәра шәсыргар сҭахуп схахьы изго ахәаахәҭратә хыдҵақәа зегьы шынасыгӡало», – лҳәеит Круковскаиа.

Лара иазгәалҭеит Ивановтәи аделегациеи Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа иалҳәеит ацәыргақәҵа аиҿкаараҿы иҟаиҵаз адгылареи ацхыраареи рзы.

Ицәыргаз аалыҵ зқәыз астолқәеи акаруаҭқәеи ацәыргақәҵазы ирынаҭеит Ахәаахәҭратә Ҩны «Дорош».