Ажәабжьқәа

Ҳара ҳхықәкы – Ахақәиҭра ашҭа иблахкыгоу ҭыҧны аҟаҵароуп

16.05.2018

​Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҵыхәтәантәи ҩы-шықәса ирылагӡаны имҩаҧнагаз агәыҳалалратә усмҩаҧгатәқәа рҟынтә ихадароу рахь иаҵанакуеит Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭа иаду абаҳча арҧшӡара.

Ари аҭыҧ иадҳәалоуп акрызҵазкуа ахҭысқәа маҷымкәа, асовет аамҭазеиҧш, ҳазҭагылоу аҿыц аамҭазгьы имҩаҧысыз. Аха зегь реиҳа аҵак ду змоу ҭоурыхтә хҭысуп, ҳәарада, 1993 шықәса, цәыббра 27 рзы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахақәиҭтәра. Уи ашьҭахь еилкаан Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы (1992-1993 шш.) аҧсуаа аиааира шаҳтәхоз. Убри аҟнытә Аҟәа ахақәиҭтәра амш оуп ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц злалаго мшыс иҧхьаӡоу.

Абаҳча иҷыдоу ацхыраара ахьаҭахыз аҟнытә, насгьы аҳҭнықалақь анапхгара ацхыраара рыҭаразы,2015 шықәсазы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата усҟантәи ахада Геннади Гагәлиа иаҧшьгарала, ААП ари абаҳча иахылаҧшуа иалагеит. Иара убри ашықәсан, лаҵарамзазы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иҟанаҵаз аҳәарала, абаҳча – Ахақәиҭра абаҳча ҳәа ахьӡырҵеит. Убри ала апалата аусзуҩцәа ирҭахын Аҧсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аҵеицәа рыхьӡ акамыршәраҿы рыхәҭаа аларгаларц, иааиуа абиҧарақәа уи агәалашәара ҧшьа рымардарц.

– Аамҭа иаҳнарбеит, Ахақәиҭра абаҳчаҟны иаҭаху аусқәа зегьы рынагӡаразы иазхаша ахарџь Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ишамам, убри аҟнытә иӡбан Агәыҳалалратә фонд «Ахақәиҭра абаҳча» ҳәа хьӡыс измоу аҧҵара, аиуристтә хаҿрақәеи ауааҧсыреи иҟарҵо агәыҳалалратә ҳамҭақәа рыла ишьақәгыло уи ахашәала абаҳча арҧшӡарахь ашьҭразы, – лҳәоит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Лара иаҳгәалалыршәеит, 2015 шықәса, цәыббрамзазы Аиааира амш аламҭалаз Афонд аҧсуа артистцәа злахәыз агәыҳалалратә марафон шымҩаҧнагаз. Ари аусмҩаҧгатә адгылара арҭеит аҭыҧантәи абизнесуаа – амеценат Николаи Ачба, ахәаахәҭратә компаниа ЗҲәА «Премиум», уи ахада Асҭамыр Гагәлиа, аилахәыра «Аҟәафон», Аҧсны Амилаҭтә банк, Акоммерциатә банк «Амра-банк», Москватәи аҧсуа диаспора ахантәаҩы Беслан Агрба, Аҟәеи Тҟәарчали ақалақьқәа рхадарақәа, уҳәа егьырҭ анаплакцәагьы. Аганаҿ иаанымхеит ҳтәыла ауааҧсырагьы, доусы рымч-рылша злаҟаз ала, ари аус бзиа иацхрааз.

– Амарафон аҟны еизгаз аҧара дәықәҵан Ахақәиҭра абаҳча арҧшӡара иазынархаз апроект анагӡарахь, уи иалагеит 2015 шықәса абҵарамзазы. Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧыргеит абаҳча агәы иалсны инеиуа аллеиақәа ҩба рҟны: иқәырҵеит 900 м² аплитка, 420 цыра ацәхыҧга хаҳә ҿыцқәа, алашарақәа наганы ишьақәыргылан, убарҭ зегьы артәеит 1 278 383 мааҭ, – лҳәеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Аха, лара лажәақәа рыла, абаҳча арҧшӡара аусқәа уи ала ихыркәшамхеит. Убас, 2016 шықәсазы Ахақәиҭра абаҳчаҿы арыцқьарақәа мҩаҧыргон, иара убас ацәхыҧгақәа ршәуан, аллеиақәа рзы адгьыли, ахаҳә ссеи ааргон, алашарбагақәа рыҧсахуан, аҳәынҭқарратә бираҟ зыхшьыз абираҟлабақәа шьақәыргылан, иаахәан алампақәеи аплафонқәеи уҳәа убас ирацәаны.

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ҷыдала иазгәалҭеит, Аҟәа ақалақь ахадараҟны иаразнакала ишрызхьаҧшуаз абаҳча арҧшӡара аганахьала апалата иҟанаҵоз аҳәарақәа зегьы, хаҭалагьы Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.  

Ахақәиҭра абаҳча акәзар, 2017 шықәса аҧхынразы араҟа ҩаҧхьа 750 м² атротуартә плитка ықәырҵеит, 140 м ацәхыҧгақәа. Убас ала, убри аамҭазы иҟаҵаз аныхтәқәа идыртәеит 884 000 мааҭ инареиҳаны. Убри аан, иныхыз аҧара абжак Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахарџь иатәуп.

2018 шықәса мшаҧымзазы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иҟанаҵаз афинанстә цхыраарала, Афонд ҩаҧхьа имҩаҧнагеит аусурақәа 550 м² аплитка ақәҵареи, 150 м ацәхыҧгақәа рышьҭаҵареи рзы, 572 000 мааҭ ргеит арҭ аусқәа. Абасала, иааидкыланы аусурақәа зегьы рҵакыра 2 200 м² ҟалеит, ахарџь – 2 734 000 мааҭ.

– Аспециалистцәа изларҧхьаӡаз ала, абаҳча зегьы аҭыҧ ақәҵаразы иаҭаххоит 15 млн мааҭ. Иҟаҵатәны иаанхаз аусқәа макьана даара ирацәоуп, аха ҳара агәыӷра ҳамоуп ҳнаплакыҩцәеи, аҳҭнықалакь згәы азыбылуа ҳуааҧсыреи рыцхыраарала ари зегьы еицаҳтәу абаҳча иахәҭоу аҧшра аиуртә иаҳзыҟаҵоит ҳәа. Иазгәасҭарц сҭахуп, апалата агәыҳалалратә акциа мҩаҧнагоит оуп ауаажәларреи аҿари ари азҵаара разхьарҧшразы. Убри ала аҧсадгьыл абзиабара иашаҵәҟьа аарҧшразы алшара ыҟоуп. Ҳара ҵабыргны ҳақалақь бзиа иаҳбоит, иҧшӡазарц, еиҿкаазарц ҳҭахуп, – ҳәа азгәалҭеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.