Ажәабжьқәа

АҦСУА ДЕЛЕГАЦИА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АЧАӠРАТӘ ФОРУМ ИАЛАХӘЫН

АҦСУА ДЕЛЕГАЦИА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АЧАӠРАТӘ ФОРУМ ИАЛАХӘЫН

23.09.2019

Цәыббра 19 рзы, абаҳча-музеи «ЕТНОМИР» (Урыстәылатәи Афедерациа, Калугатәи атәылаҿацә) аҵакырадгьыл аҟны аусура иалагеит Адунеизегьтәи ачаӡратә форум – «АЧА–ҬЫНЧ ҦСҬАЗААРОУП» ҳәа хьӡыс измоу.

Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит – 70 инареиҳаны Урыстәыла арегионқәа, иара убасгьы Европеи, Америкеи, Азиеи, Африкеи рҟынтә 60 инареиҳаны атәылақәа рыҟнытә аделегациақәа. Урыстәылатәи Ачаӡыҩцәеи Ачысхааҟаҵаҩцәеи Ргильдиа иҟанаҵаз ааҧхьарала раҧхьаӡакәны ари аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит аҧсуа делегациагьы. Аделегациа иалан – Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палатеи, Икоммерциатәым Аидгыла «Аҧсны ачаӡыҩцәеи Ачысхааҟаҵаҩцәеи Ргильдиа» алахәцәеи.

Афорум официалла аартра ацеремониаҿы, аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәа еизаз ирзаҧхьеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациақәа рхеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыхьӡала адныҳәалара.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган ачаӡыҩцәеи ачысхааҟаҵаҩцәеи Жәларбжьаратәи Рхеилак (UIBC) Аконгресс. Ахеилак еиднакылоит 40 инарзынаҧшуа ачаӡыҩцәеи ачысхааҟаҵаҩцәеи рмилаҭтә федерациақәа. Аконгресс ихы алаирхәит Калугатәи атәылаҿацә агуберанатор Анатоли Артамонов. Аделегатцәа зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәаны, ирзеӷьишьеит афорум қәҿиарала имҩаҧысырц.

Афорум аиҿкааҩцәеи алахәцәеи рахь рхы нарханы, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахаҭарнак, аҧсуа делегациа анапхгаҩы Кира Зекир-оглы даҧхьеит Апалата Ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа иаалышьҭыз адныҳәаларатә ажәа.

Афорум иалагӡаны имҩаҧысит Аҧснытәи ААП ахаҭарнаки Урыстәылатәи Ачаӡыҩцәеи Ачысхааҟаҵаҩцәеи Ргильдиа Ахада Иури Кацнельсони реиҧылара. Аганқәа русеицура иазку азҵаарақәа ирылацәажәеит, насгьы аиқәшәара ахыркәшамҭазы аҧснытәи Икоммерциатәым Аидгылақәа «Ачаӡыҩцәа Ргильдиеи» «Ачысхааҟаҵаҩцәа Ргильдиеи» ирзыҟаҵан адгалара – Урыстәылатәи Ачаӡыҩцәеи Ачысхааҟаҵаҩцәеи Ргильдиа аус ацуразы аиқәшаҳаҭра напаҵаҩра.

Аҧсуа делегациа алахәцәа аҭааит Ачаӡразы Урыстәыла Иаарту Ахраҿа – уаҟа имҩаҧысуан апрофессионалцәа реицлабрақәа, насгьы аделегациа алахәцәа идырбан ицәыргақәҵаз ача зларӡуа амарҭхәқәеи, ача аӡразы иҿыцу амыруга ҷыдақәеи, ачаӡыҩцәеи акондитерцәеи рзы амаҭәа ҷыдақәеи. Иара убасгьы, аҧсуа делегациа ахаҭарнакцәеи афорум алахәцәеи аусецуразы аилацәажәарақәа мҩаҧыргеит. Аиҿкааҩцәа ргәаанагарала, ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа аҿар ирызцәырнагоит ачаӡҩы изанааҭ ахь азҿлымҳара, иара убасгьы ачаӡратә традициақәа реиқәырхаразы иӷәӷәоу цхыраагӡоуп ҳәа иахәаҧшуеит.

Зымҽхак ҭбааз аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәас иқәгылеит – Урыстәыла Ацентр-соиуз, Калугатәи атәылаҿацәа Администрациа, Урыстәылатәи Ачаӡыҩцәеи Ачысхааҟаҵаҩцәеи Ргильдиа, ачаӡыҩцәеи ачысхааҟаҵаҩцәеи Жәларбжьаратәи Рхеилак (UIBC).

Афорум мҩаҧысуеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра ацхыраарала.

Афорум рхы аладырхәуеит 250 инарзынаҧшуа урыстәалатәи, иара убасгьы аҳәаанырцәтәи амассатә-информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәа.

Афорум мҩаҧыслоит цәыббра 23 рҟынӡа.