Ажәабжьқәа

Аиааира амш цәыббра 30 иазкны Ҭырқәтәылеи Татарстантәи асасцәеи рҧылара

01.10.2014

Цәыббра 30 1992-1993 шықәсқәа рзтәи аҧсуа жәрар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 21 шықәса ахыҵра инамаданы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыҧуаҩ Гогәуа Сенер дызлахәыыз  асасцәа рзы еиҿкаан агәырӷьаратә уаххьа. Асасцәа ирылахәын Аҧсуа культуратә центрқәа Рфедирациа ахантәаҩы Џьенгиз Ашәба, Татарстан Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнак Альберт Салихов уҳәа убас егьырҭгьы. Аиҧылараҿы иалаацәажәан аусеицура арҿиареи ҽаантәи аусуреи рызҵаатәқәа.