Ажәабжьқәа

ААП АҞНЫ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ ГЕРМАНИА ИҞОУ АПАЛАТА АХАҬАРНАКРА АУСУРА ИАЗКУ АЗҴААРАҚӘА

04.10.2019

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа илыдылкылеит Германиатәи Афедеративтә Республика аҟнытә аделегациа. Аделегациа напхгара азиуан Германиа иҟоу ААП аофициалтә хаҭарнак Вольфганг Матцке. Иара убасгьы аделегациа иалахәын Лиудвиг Швегманни (аинвестор, акыршықәса аргыларатә маҭәахәқәа рҭыжьра знапы алаку) Девид Ноаки (ажурналист, анемец ҭыжьымҭақәа «Junge Welt», «German Foreign Policy», «Neues Deutschland» аус рыцызуа). Аиҧылара аҟны ишьҭыхын еиуеиҧшым азҵаарақәа, ирылацәажәеит Германиа иҟоу апалата Ахаҭарнакра аусура иазку азҵаарақәа, насгьы Аҧсныи Германиеи рбизнес-еилазаарақәа русеицуразы ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиаразы азгәаҭақәа ҟаҵан.

Иара убасгьы аиҧыларараҿы ирылацәажәеит Аҧсныҟа аинвестициақәа рыҟаҵаразы иҟоу ахәыцрақәеи, апресс-турқәа реиҿкаара азҵаареи.

Аԥсны ААП аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит – Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы Кама Ҵәыџьԥҳаи, иара убри аҟәша аспециалист Наала Басариаԥҳаи.

Аиԥылара ахыркәшамҭазы ААП ахада Тамила Мерцхәлааԥҳа ажурналист Девид Ноак аинтервиу илҭеит.