Ажәабжьқәа

АААП АХАДА ТАМИЛА МЕРЦХӘЛААҦҲА ДАЛАХӘЫН АҨБАТӘИ ЕВРОПАТӘИ АҲӘСА РФОРУМ АПЛЕНАРТӘ ЕИЛАТӘАРА

21.09.2018

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа далахәын Санкт-Петербург имҩаҧысуаз Аҩбатәи Европатәи аҳәсацәа рфорум апленартә еилатәара «Аҳәсацәа аглобалтә шәарҭадареи иҭышәынтәалоу аҿиара азы» ҳәа хьӡыс измаз.

Апленартә еилатәара модераторс даман Афедералтә Еизара Афедерациақәа Рхеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко. Аилатәара алагеит аҳәсатә скрипкатә нсамбли, ашәаҳәаҩ Хьыбла Гьырзмааи рықәгылара ала.

Афорум алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Валентина Матвиенко иазгәалҭеит: «аекономикатәи аполитикатәи ақәыӷәӷәарақәа рхархәара лассы-лассы иуҧыло иалагеит. Ажәларқәа неидкыланы асанкциақәа рхадырҧоит, уи зыхҟьоугьы, ауаҩы игәы, ихы ишианаҳәо еиҧш дахьхәыцуа, ибжьы хьиҭиуа оуп. Уи аҩыза аҭагылазаашьа нҭыҵ џьоукы иахьыргәамҧхо, урҭ рҭахрақәа иахьрықәымшәо, дара ирҭахәу, шырҭахәу иахьыҟамло оуп изыхҟьоу асанкциақәагьы».

Лара убасгьы лгәы иаланы иазгәалҭеит, «адунеи аҿы аиҿагыларатә потенциал» шызҳауа.

«Акыр зҵазкуаны иҟоуп адунеизегьтәи аҩыӡара аҟны аҳәсақәа рдиалог», - иазгәалҭеит Матвиенко. Лара агәра ганы дыҟоуп, XXI ашәышықәсазы аҳәсацәа еиуеҧшым аиҿагыларақәа раҧыхраҿы акыр злоу мчны ишыҟало. «Аиҿагыларақәа рҭышәныртәаларазы иҟоу амеханизмқәа еиҳа инарҭбааны аҳәса ралархәра ҳҽазаҳшәалароуп, иара убасгьы иҟалап иахәҭазар, абарҭ ахықәкқәа рынагӡаразы еффективла аус зулаша аҳәса рхеилакқәа раҧҵара. Есааира зымҽхак ҭбаахо ҳнырра ахархәара аҳҭароуп жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы агуманизм аидеиақәа раларҵәаразы», - лҳәеит Матвиенко.

Апленартә еилатәара асас хаданы дҟалеит Урыстәыла Афедерациа ахада Владимир Путин.

Урыстәыла ахада игәаанагарала агендертә еиҟарамзаареи, аҳәсацәа ркориертә зҳараҿы иҟоу аҧырхагақәеи аҧыхтәуп.

«Адунеи зегьы, аҳәынҭқарра аиааиуеит оуп, аҳәсацәа еиуеиҧшым аҳаракырақәа рҟынӡа инеиз еиҳа ирацәахар», - иҳәеит Урыстәыла Афедерациа ахада, Европатәи аҳәсацәа рфорум аҟны иқәгалараҿ. Иара иажәақәа рыла, «убасҟан оуп ианҳалшо амилаҭҭә потенциал арӷәӷәара, аглобалтә еизҳара аиқәыршәара ацивилизациа зегьы азы».  

Владимир Путин агәра ганы дыҟоуп: «Агендертә еиҟарамзаарқәа раҧыхреи, астереотипқәеи акариератә ҧырхагақәеи риааира зегьы еицырзеиҧшу гәазыҳәароуп. Даара акраҵанакуеит, аӡӷабцәа зыда ҧсыхәа ыҟам аҵара роуразы, ахатә ус арҿаиразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аҧҵаразы, аҧҳәыс лхы дақәгәыӷуа дҟаларцазы, еффективла асоциалтәи азинтәи ахьчара аус ауларц азы, амҩаақәа раартра».

Урыстәыла Аҳәынҭқарра ахада убасгьы иазгәеиҭеит, убри аан «аҭаацәаратәи анреи атрадициақәеи реиқәырхара акры шаҵанакуа. Урҭ атрадициақәа атехнологиатә прогресс иадҳәалам, адунеи зегьы, культурала еиуеиҧшым атәылақәагьы, еицырзеиҧшны изынхо».

Апленартә еилатәара алахәылацәа акыраамҭа игыланы Владимир Путин рнапқәа еизеинырҟьон, асцена аҟнытә дрышьҭомыз. 

Аилатәара аҟны иқәгылеит: Санкт-Петербург агубернатор Георги Полтавченко, Европа Ахеилак Апарламенттә ассамблеиа ахантәаҩы Лилиан Мори Паские, Апарламентбжьаратә Еидгыла ахантәаҩы Габриела Куевас Баррон, Сербиа Жәлар Реизара ахантәаҩы Маиа Гоикович, ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ, агендартә еибакапанреи, аҳәса рзинқәа рырҭбаареи азҵаарақәа рзы ЕАР аструктура анагӡаратә директор Фумзиле Мламбо-Нгкука, Виетнам Асоциалтә Республика ахада ихаҭыҧуаҩ Данг Тхи Нгох Тхинь, Еиду Арабтә Емиратқәа Афедералтә милаҭтә Хеилак ахантәаҩы Амаль Аль-Кубеиси, Индиа амилаҭтә Конгресс апарламенттә фракциа ахантәаҩы, «Аҳәсацәа рыҩажәа» (W20) ахантәаҩы Сусана Бальбо убас егьырҭгьы.

Аилатәара аҟны ирыҧхьеит абарҭ адокладқәа: «Жәларбжьаратәи амшхәаҧштә азҵаарақәа рыӡбараҿи адунеи аҿы азеиҧш шәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьықәыргылараҿи аҳәсақәа рлагала», «Аимак-аиҿакқәа рыҟалареи рыҿиареи, агуманитартә катастрофақәеи раҧырҟәҟәара аус аҿы аҳәса ралахәра», уҳәа убасгьы адунеи аҿы аҭынчра ашьақәырӷәӷәара иазку егьырҭ атемақәагьы.

Апленартә еилатәара ауха Валентина Матвиенко Аҩбатәи Европатәи аҳәсатә форум алахәылацәа рзы адкылара ду еиҿылкааит, уахь ааҧхьара лыман ААП ахадагьы Тамила Мерцхәлааҧҳагьы.