Ажәабжьқәа

АА ААП Ростовтәи атәылаҿацә ААП алахәылацәа Рзеиҧш еизара аҽаланархәит

15.02.2016

Жәабран 10 Геннади Гагәылиа напхгара зиҭоз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа Ростовтәи атәылаҿацә ААП ааҧхьарала аҽаланархәит Ростовтәи атәылаҿацә ААП алахәылацәа рзеиҧш еизараРостовтәи атәылаҿацә ААП алахәылацәа Рзеиҧш еизара мҩаҧысуеит хәышықәса рахьтә знык, уаҟа деиҭалхын Николаи Присиажниук, иара 2001 шықәса аахыс ари амаҵзыра деиҳабуп.Ҳаҭыр зқәу Присиажниук еицҿакны далхын. Иара убас алахәылацәа Рзеиҧш еизараҿы ирылацәажәан Ростовтәи ААП аусура азҵаарақәа 2011-2015 шықәсқәарызтәи апериод.

Аусмҩаҧгатә ахь ааҧхьара рыман, Азеиҧш еизарагь ааиртит Ростовтәи атәылаҿацә агубернатор Василии Голубев, Ростовтәи атәылаҿацәа ахадареи азакәанҧҵаратә еизареи рхаҭарнакцәа, арегион анапалакратә еилазаара ахаҭарнакцәа уҳәа аӡәырҩы.

Азеиҧш еизара алахәылацәа Аҧҟаҧҵәа ҿыц адкыларази анаҩстәи Азеиҧш еизара аделегатцәеи ралхразы рыбжьы рҭиит.