Ажәабжьқәа

АА ААП имҩаҧган адәқьан «Магнит» ахаҭарнак иҧылара

30.08.2016

Нанҳәа 30, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿ имҩаҧысит адәқьан «Магнит» ахаҭарнак Дмитри Профатилов иҧылала, аиҧылара аалыртит иагьымҩаҧылгеит АА ААП Ахада иабжьгаҩ Мерцхәлаа Ҭамила.

Аиҧылара еицымҩаҧган Урыстәыла Афедирациа ахәаахәҭратә хаҭарнакра Иурии Аикин иалахәрала. Ари аусмҩаҧгатә еиҿкаан Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәыла Афедирациеи рхәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара хықәкыс иаманы. Аиҧыларахь ааҧхьара рыҭан аҭыҧантәи ааглыхыҩцәа.