Ажәабжьқәа

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ҳтәыла азхаҵара аус аҿы алагала ахьыҟанаҵаз ҳалаҽхәоит

29.05.2018

2018 шықәса, лаҵарамза 29 – ҳаамҭазтәи Аҧсны аҭоурых аҿы акрызҵазкуа рыцхәхоит – уи аҽны Шьамтәыла (Сириатәи Араҧ Республика) Аҧсынтәыла ахьыҧшымра азханаҵеит.

– Ари иаанаго – даҽа шьаҿа бзиак ҟаҵоуп ҳәа ауп адунеи аҿы Аҧсны иааннакыло жәларбжьаратәи апозициақәа реиӷьтәраҿы, насгьы ари ахҭыс хәҭакахьала Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Шьамтәылеи рыбжьара иҭышәынтәалоу алҵшәа бзиақәа аазырҧшуа аусеицура иабзоуроуп, – лҳәеит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Лара иазгәалҭеит, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи уи ахада Геннади Леонид-иҧа Гагәлиеи акыр аџьабаа шырбаз Аҧсны ахыҧша бзиа Шьамтәыла аларҵәаразы.

Раҧхьаӡа акәны аизыҟазаашьақәа хацыркхеит 2008 шықәсазы. 2009 шықәсазы Сириа-Араҧтәи Ареспублика ахәаахәҭратә палатақәеи ҳареи ҳабжьара аусеицуратә еиқәшаҳаҭрақәа нап рыҵаҩразы аҽазышәарақәа ҟаҵан, аха усҟан Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ас еиҧш иҟаз аусеицура иазыразымхеит.

Убас ала, 2014 шықәсазоуп ианалыршаха Шьамтәылатәи аекспортиорцәа рфедерациеи, Дамаск Ахәаахәҭратә палатеи ҳареи аусеицуразы раҧхьатәи аиқәшаҳаҭра абжьаҵара. Ари ҟалеит Ливан, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа официалла Беирут раҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵаҩразы иара уахь имҩахыҵит Шьамтәылатәи аделегациагьы.

2016 шықәсазы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿы ргәы иҭан Сириатәи анаплакыҩцәа Аҧсныҟа ааҧхьара рыҭара, ҷыдала дара раалыҵқәа ахьӡыргахо ацәыргақәҵа ралархәразы, аха усҟан Шьамтәыла ишьақәгыланы иҟаз аҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьа ари апроект амҩаҧгаразы алшара ҟанамҵеит.

Аха егьа ус акәзаргьы, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадара имҩаҧнагоз аусура лҵшәада имҩаҧымсит. Уи иалҵшәахеит 2017 шықәса нанҳәамзазы Сириатәи аекспортиорцәа Рфедерациеи, Ацәыргақәҵақәеи аиармаркақәеи реиҿкааразы Ауаажәларратә усбарҭеи хырхарҭарацәалатәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа «59-th Damascus International Fair» ашҟа Аҧсны ааҧхьара ахьарҭаз, егьырҭ атәылақәа иреиҧшны иалахәхаразы.

– Аҧсуа делегациа ацәыргақәаҵа аартра ацеремониа иалахәын ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала. Уи моу, шықәсырацәала ААП еиуеиҧшым жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа ирылахәхоижьҭеи 59-тәи Дамасктәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿоуп раҧхьаӡа акәны Аҧсны абираҟ егьырҭ атәылақәа рбираҟқәа ираҟараны иахьышьҭыхыз. Ари акырӡа аҵак ду змоу хҭысын! – ҳәа далаҽхәо илгәалалыршәеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Ацәыргақәа ахьынӡацоз, нанҳәамза 20 рзы Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Сириа-Араҧтәи Ареспублика Ахәаахәҭратә палатақәа Рфедерациеи ирыдыркылеит аҩ-ганк рыла аусеицуразы аиқәшаҳаҭра. Сириа-Араҧтәи Ареспублика Ахәаахәҭратә палатақәа Рфедерациа Ахада Моҳамед Хасан Калаа иазгәеиҭеит, ари аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра Сириатәи аган аа-шықәса дуӡӡа раахыс ишазааиуаз.

– Зегь реиҳа иџьаушьаша акоуп, анапаҵаҩра ашьҭахь апалатақәа аҩбагь рхадацәа алацәажәеит анаҩстәи русеицура аҧеиҧшқәеи, аҩ-ганк еицырзыфеидоу аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара амҩақәеи. Убасҟан Сириатәи ахәаахәҭратә палатақәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа руаӡәык иазгәеиҭеит, Шьамтәыла ҩызара зызнауа тәылак аҳасабала Аҧсны ишахәаҧшуа, хырхарҭарацәалагьы аусеицуреи аизыҟазаашьақәеи рыргылара аҧсаны ишаҧхьаӡо. Уи анаҩс Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата раҧхьатәи ахада Геннади Гагәлиа иҳәеит, Сириа имҩаҧгаз аиҧыларақәа рылҵшәа бзиақәа хара имгакәа ҳарзыҧшыр алшоит ҳәа. Ҳала ишабаз, уи анахыс аа-мзы ааҵуаны, лаҵара 29 рзы арҭ иажәақәа аргамахеит, – азгәалҭеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

2017 шықәсазы, цәыббра 29, Аиааира амш аламҭалаз Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа Сириа-Араҧтәи Ареспублика аҟнытә Аҧсны иаҭааны иҟаз ҳаҭыр зқәу аделегациа идикылеит.

Аҧсныи Шьамтәылеи реизааигәатәраҿы ААП имҩаҧнаго аусқәа рыхә ҳаракны ишьеит Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба. Шьамтәыла Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра ахьазханаҵази, аҩ-тәылак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵареи ирызкны имҩаҧысуаз агәырӷьаратә еилатәараҟны дықәгыло, иара иҳәеит: «Иазгәаҭатәуп ари аус Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи ҧыхьатәи уи ахада Геннади Гагәлиеи ҷыдала ишазааҧсахьоу, рлагала ду шыҟоу аҧсуа-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы. Апалата еиҧҟьарада имҩаҧнагоз аусура иабзоураны, сириатәи аган Аҧсны ааҧхьара арҭеит Дамасктәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵахь, иара убасҟан зыҩаӡара ҳараку аиҧыларақәа жәпакы еиҿкаан».

– Ҳара ҳгәы иахәаны, ҳалаҽхәаны иаҳҳәоит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахатә лагала ҟанаҵеит ҳәа Аҧсны азхаҵараҿы, Шьамтәылеи Аҧсныи рыбжьара аофициалтә дипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылараҿы. Агәыӷра ҳамоуп, сириатәи ҳҩызцәеи ҳареи ҳусеицура алҵшәа бзиақәа шаанашьҭуа, – лҳәеит аҵыхәтәан Тамила Мерцхәлааҧҳа.