Ажәабжьқәа

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахаҭарнакцәа рхы аладырхәит Урыстәыла Ацентралтә федералтә округ апалатақәа Рассоциациа аилатәара

08.06.2018

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа Курск ақалақь иаҭааит Курсктәи аобласт агубернатор Александр Михаилов иҟаиҵаз ааҧхьарала, XVIII-тәи арегионбжьаратә, ауниверсалтә, ахәаахәҭратә иармарка «Курсктәи Корентәи аиармарка-2018» алахәхаразы, иара убас VII-тәи Урыстәыла агәҭа аекономикатә форум аҽалархәразы.

Рашәара 7 рзы Аҧсны ААП Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аусзуҩцәа Хьерсон Симониеи Алиса Лакәиаҧҳаи, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Курсктәи аобласт Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи рыбжьара аҩ-ганк рыла аусеицуразы реиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, рхы аладырхәит Урыстәыла Ацентртә Федералтә округ ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа Рассоциациа аилатәара.

Аусмҩаҧгатә амодератор иаҳасабала дықәгылеит Воронежтәи аобласт Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Иури Гончаров. Аилатәара аартуа, ааҧхьаратә ажәа иманы дықәгылеит Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада ихаҭыҧуаҩ Максим Фатеев. Ассоциациа аилатәараҿы ажәахәқәа ҟарҵеит иара убас Курсктәи ААП ахада Виктор Гребенников, Москава ақалақь Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Владимир Платонов.

Аилатәараҿы иалацәажәан: апалатақәа русураҿы, насгьы ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхырхарҭаҿы ацифратә технологиақәа рхархәаразы иҟоу алшарақәа; анплак маҷқәеи, абжьаратә наплакқәеи ацхыраара рыҭашьа амҩақәа; иара убас Урыстәыла агәҭахь иаҵанакуа ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рлахәылацәа рыбжьара еицырзыфеидоу аусеицура амаругақәа.

Аусмҩаҧгатә ахыркәшамҭаз аҧсуа делегациа ахаҭарнакцәа Виктор Гребенников аҳамҭа ирҭеит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа лыхьӡала.

«Курсктәи Корентәи аиармарка – 2018» аатит рашәара 9 рзы.