Ажәабжьқәа

АҦСНЫ АХӘААӘХҬРА-ААГЛЫХРАТӘ ПАЛАТА АХАДА ТАМИЛА МЕРЦХӘЛААҦҲА ЛНАПЫ АҴАЛҨИТ «ШЬАМТӘЫЛАТӘИ АРАБТӘ РЕСПУБЛИКА АНАПҞАЗАЦӘА РХЕИЛАК» АУС АЦУРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА

07.09.2018

«60-тәи адунеизегьтәи Дамасктәи ауниверсалтә иармарка» аартра аҽны, Аҧсны ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳеи, «Шьамтәылатәи Арабтә Республика анапҟазацәа Рхеилак» ахантәаҩы Нажи аль Хадуаи, гәырӷьарала рнапы аҵарҩит еицырзыфеидоу аиқәшаҳаҭра ҧхьаҟа аус аицура азы.

Аиҧылараҿы убасгьы далахәын «Дамаск анапҟазацәа Рхеилак» ахантәаҩы Исам аль Зеибак.

Аҧсны атуристә хырхарҭа ҿиарала аизҳара ишаҿу, еиҳараҩык аҧсшьаҩцәа Урыстәыла Афедерациа атәылауаа шракәу азгәаҭаны, аҧсуа делегациа здызкылоз аган Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ашҟа аҳәара ҟарцеит, ШьАР анапҟазацәа рааглых ахьцәыргахо иҷыдоу ацәыргақәҵа аиҿкааразы.

Иаартны иалацәажәеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахәаахәҭратә Ҩны Аҧсны аартра, уи азы иҟоу алшарақәагьы азгәарҭеит. Уаҟа ицәыргахоит шьамтәылантәи хкырацәала аалыҵқәа, уи, ҳәарада, ацхыраара ду анаҭоит иҿыцу абизнес-партниорцәа рыҧшааразы.

Аиҧылара ахырқәшамҭаз, Аҧсны ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧха гәаларшәагатә ҳамҭас илыҭан аҳәа, аӷацәа риааира иасимволу.