Ажәабжьқәа

Аҧсны ААП Прага жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәын

19.02.2018

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәлиа напхгара зиҭоз аделегациа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа "Holliday World Top Gastro & Hotel" иалахәын. Уи мҩаҧысуан жәабранмза 15 инаркны 18-нӡа Чехиа аҳҭнықалақь аҟны Прага.

Ҳҳәынҭқарра ацәыргақәҵаҟны ицәырган адунеитә туристтә бизнес аусхк аҟны атуристтә маршрут ҿыцк аҳасабала. 
Иара иалахәын атуристтә фирмақәа рхаҭарнакцәа: Польша, Таиланд, Судан, Словениа, Черногориа, Словакиа, Мальты, ЕАА, Австралиа, Китаи, Индонезиа, Палестина, Мексика, Ҭырқәтәыла, Мысра, Шри-Ланка, Перу, Болгариа уҳәа уб.егь. Аҧсуа павилион Италиа, Тунис, Еллинтәыла, Хорватиа, Ҭырқәтәыла уб. егь. атәылақәа ирзааигәаны игылан.  Атәылақәа реиҳарак ацәыргақәҵа иалахәын аҳәынҭқарратә ҩаӡара рыманы, атуризм азы аминистррақәа ирырҭаз адгылара ала,  иара убас Чехиатәи Ареспубликаҟны дара аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәарақәа алархәны.     
Ацәыргақәҵа зегьы хҧаны ишан. Џьарак ицәырган атәылақәа ртуристтә лшарақәеи урҭ аҧхьаҟатәи рыҿиареи ирзыкыз аинформациатә материал. Аҩбатәи ацәаҳәаҟны иаарҧшын атуристтәи асасааирҭатәи бизнес хаҭарнакра азызуаз 200 инареиҳаны чехиатәи аилахәырақәа. Ахҧатәи ацәаҳәаҟны ицәырган ахәыҟаҵарҭатәи асасааирҭатәи мыругақәа, иеиуеиҧшым атәылақәа иреиҕьу рҟазацәа-аҭыжьыҩцәа рыҟнытә аҩнымаҭәа.   
Ацәыргақәҵа аартраан, актәи амш аҧсуа делегациа иргәалашәоит Чехиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа  Чехиа арегионалтә министрра аганахьала   ақәыҕәҕәара шыҟарҵози ацәыргақәҵа анапхгара аҧсуа павилион   ашәыркыроуп ишырҿагылази. Аха урҭ рҽырзышәарақәа акгьы рылымҵит.   

Прага инхо ақырҭуа диаспора аганахьала иҟаз апровокациақәа аҧсуа делегациа ацәырыхьчаразы ацәыргақәҵа анапхгара ацәыргақәҵа аартра амш зегьы аҩныҵҟа официалла ахьчара еиҿыркааит.    

Ҧштәы рацәала иеилаз аҧсуа павилион ацәыргақәҵа иалахәыз реиҧш, уи иаҭаазгьы иаразнак рылаҧш иҵашәеит. Урҭ рыҩныҵҟа иҟан асовет аамҭазы Аҧсны иаҭаахьаз, згәалашәарақәа ирылацәажәоз аӡәырҩы,.    
Апавилион асасцәа гәахәарыла агьама рбон аҧсуа ҩқәа, ауадка, акониак, ачаи, ацха, аџьынџьыхәа, иеиуеиҧшым аџьемқәа, ашәыреиларшқәа. Урҭ ацәыргақәҵаҟны ицәырыргеит ЗҲӘА Ахәаахәҭра ҩны «Рубин», хазхаҭалатәи анаплакыҩцәа Татиана Арџьениа - "Аҳчараҳ", Ельдар Шохин - «Аҧсны амҭақәа», Камила Кәыҵниа уҳәа уб. егь.
Ҷыдала иалкааны иазҵаауан, иаархәарцгьы рҭахын зегьы аҧсуа џьыка. Убри адагьы, ацәыргақәҵа иаҭааз ргәы иаланы ирҳәон даараӡа иргәаҧхаз аҧсуа аалыҵ Прагаҟа иахьнагам.   
Зҿлымҳара ду аман Аҧсны Аҳәынҭқарра атуристтә, ақыҭанхамҩатә, аинвестициатә лшарақәа ртәы зҳәоз ачех бызшәала иҩу акьыҧхьтә ҭыжьымҭа. Иҳәатәуп уи ААП ацәыргақәҵазы ҷыдала ишазнархиаз. Иара убас акыр иазҵаауан агәаларшәагашәҟәы (памятка) «Аҧсныҟа узланеиуа».

Хазы иазгәаҭатәуп, ААП ацәыргақәҵа ашықәс аҩныҵҟа зегьы аҽазыҟаҵара ишаҿыз. 

Атуристтә фирмақәа жәпакы рхаҭарнакцәа аҧснытәи атуристтә фирмақәа аус рыцырурц шырҭаху атәы иалацәажәон, аҳәаанырцәтәи атуризм аҿиара хықәкыс иҟаҵаны. Урҭ ргәы иалан аинформациатә телехәаҧшратә   порталқәа рыҟны аӡыргара ахьыҟам, ақырҭуа цҳаражәҳәарҭеи аҳәаанырцә инхо ақырҭуа диаспора ахаҭарнакцәеи ииашам аинформациа шрыладырҵәо.  Афирмақәа акыр рхаҭарнакцәа аҧсуа павилион аҟны ицәыргаз аалыҵ аҭыжьыҩцәеи дареи аимадара рыбжьалар шырҭахыз убартә иҟан дасу рҳәынҭқаррақәа рышҟа аҧсуа аалыҵ анагаразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵарц азы.

Жәабранмза 16 рзы аҧсуа павилион официалла даҭааит Чехиатәи Ареспубликаҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак  Сергеи Ступарь. Адырҩаҽны, жәабранмза 17 рзы, Чехиатәи Ареспубликаҟны иҟоу УА ацҳәаражәҳәарҭа ахьӡала апавилион даҭааит  ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ Алеқсандр Мовчан.
ААП аделегациа ари ацәыргақәҵа алахәра ақәҿиара ду аманы имҩаҧысит ҳәа азгәанаҭоит. Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа Аҧсны Аҳәынҭқарра атәыла анҭыҵ ахьӡ ашьҭыхра, аларҵәара акыр иацхраауеит.