Ажәабжьқәа

АҦСНЫ ААП КОРЕИА ЖӘЛАР ДЕМОКРАТИАТӘ РЕСПУБЛИКЕИ АЗҾЛЫМҲАРА РЫМОУП ЕИЦЫРЗЫФЕИДОУ АКЫРААМҬАЗТӘИ АИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА РЫШЬЫҚӘЫРГЫЛАРАҾЫ

20.08.2018

Аҧсны ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа напхгара ззылуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа ҩымш инаӡоз аусуратә ныҟәарала Кореиа Жәлар Демократиатә Республика аҳҭнықалақь Пхениан иаҭааит.   

Аныҟәара ахықәкы хада – Аҧсны аҳәынҭқарра аӡыргареи, аҩ-тәылак анаплакытә еилазаарақәа аекономикатә-хәаахәҭратә еимадарақәа рышьақәыргылареи. Ари аныҟәара даара акраҵанакуан, избан акәзар иахьазы, Аҧсны иазкны Кореиа ирдыруа зынӡа имаҷӡоуп.

Аҧсуа делегациа иалахәын: Аҧснытәи ААП анапхгара ахаҭарнак Адгәыр Лышәбеи, ААП Адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳаби Кама Ҵәыџьҧҳаи.

Иазгәаҭатәуп, Аҩадатәи Кореиа Ахәаахәҭратә палата аиҳабыра, раҧхьаӡа акәны декабр 2017 шықәсазы, аимадареи аусеицуреи азы агәаҳәара ирымоу шаадырҧшыз. Убри инақәыршәаны иагьаарышьҭит раҧхьаӡатәи аофициалтә шәҟәы аимадара ашьықәыргыларазы. Шықәсыбжак инеиҳаны, аҧсуа делегациа Кореиа раҭаареи, уа рыҟазаареи апрограмма аҩ-ганк аицҳәаақәҵара иаҿын.

Нанҳәамза 14 азы, Аҧсны ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳеи, КЖәДР Ахәаахәҭратә палата аиҳабы Риу Хен Чхори реиқәшәара аҳәаақәа ирҭагӡаны рнапы аҵарҩит апалатақәа еицырзыфеидоу аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра.

Аиқәшәара мҩаҧысуан Кореиа Жәлар Демократиатә Республика Ахәаахәҭратә Палата ахан аҟны.

Аҩ-ганк рхы иадырҵеит, аекономикатәи, ахәаахәҭратәи, анаука-техникатәи еимадарақәа аҩ-республикак рнаплакқәеи, русбарҭақәеи рыбжьара реизырҳаразы ирылшо зегьы зыҟарҵо атәы. Аҩ-палатак рхадақәа ргәаанагарала, ари аиқәшаҳаҭра Аҧсни Аҩадатәи Кореиеи рыбжьара аимадара аҿиара аимпульс шанаҭо, насгьы, аҩ-ҳәынҭқаррак рнаплакҩыцәа рыбжьара ишаҧнаҵуа алша, ишиашоу абинес-аконтактқәа рышьықәыргылараҿы. 

Аиҧылараан ирылацәажәеит Аҧснытәи аҩқәа Аҩадатәи Кореиаҟа рекспорт азы имҩаҧгатәу аусқәа, иара убас адистрибиуттә шьаҭалагьы. Насгьы, Аҩадатәи Кореиантәи аусуҩцәа раагара Аҧсны арҧхарҭақәеи егьырҭ обектқәеи рыргыларази, аҩ-тәылак еицырзеиҧшу Аҧснытәи аекзотикатә шәырқәа иралхны аџьемқәа ҭзыжьуа анаплкақәа раҧҵарази. Иналкааны иалацәажәеит кореиатәи IT аспециалистцәа иҿыцӡоу акомпиутертә программақәа Аҧсны алырҵәаразы иахьынӡалшо.

Тамила Мерцхәлааҧҳа иҭабуп ҳәа ралҳәеит КЖәДР Ахәаахәҭратә палата ахаҭарнакцәа, ҷыдала апалата ахантәаҩы Риу Хен Чхор, даара аҧхареи, аҩызареи зцыз аҧсуа делегациа рзы адкылара аиҿкаараз.

- Аҧсны Аҳәынҭқарреи Кореиа Жәлар Демократиатә Республикеи еицырзеиҧшу рацәоуп. Ихьаҧшым аҩ-тәылак рышәқәа аартуп егьырҭ атәылақәа аус рыцуразы.

Аҧсны аделегациа Аҩадатәи Кореиа аҭаара раҧхьаӡа иргыланы иаҳнырбоит аҩ-ганк аинтерес зрымоу акыраамҭатәи еицырзыфеидоу аимадара рыбжьаҵара азы.

Иаарласны аекономика ашьақәыргылара мариаӡам, аха, аполитикатә ҭагылазаашьеи, ҳаицәыхарареи азгәаҭангьы, агәра ганы сыҟоуп еиуеиҧшым еицаҳзыфеидоу аусеицура аформақәа шаҳаҧшаауа, - азгәалҭеит Тамила Мерцхәлааҧҳа. 

Аҧсны ААП аиҳабыра алахәыла Адгәыр Лышәба иазгәеиҭеит, аекономика аҿиара зегь реиҳа ихадароу ак акәны иҟоуп ҳәа иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы абеиаразы.

- Апалатақәа рыбжьара аусеицура азы Аиқәшаҳаҭра аҟазаара еиуеиҧшым алшара ҿыцқәа аҧнаҵоит аҩ-тәылак рзы. Анаҩс, шьаҿа-шьаҿала, аҩныҵҟатәи аекономикатәи аҳазалхратә кәама-ҵамақәа ҭҵааны, аусеицура амҽхак аҽарҭбаалоит, убас аҳәынҭқарратә ҩаӡарагьы аиуеит, - иҳәеит игәаанагара Лышәба.   

КЖәДР Ахәаахәҭратә палата ахантәаҩы Риу Хен Чхор иганахь ала иазгәеиҭеит, Аҧсуа делегациа Аҩадатәи Кореиа раҭаара ишҭоурыхтәу, насгьы агәыӷра ааирҧшит аҩ-республикак рыбжьара ишышьақәгылоу аиҩызаратәи аусеицуратәи аимадарақәа.

Иара еиҭеиҳәеит Кореиа Жәлар Демократиатә Республика аҟны иаҧҵоу аинвестициатәи, авалиутатәи ҧҟарақәеи, насгьы Аҩадатәи Кореиа адгьыл ахархәареи уи қьырала агареи азы азнеишьақәеи ртәы.

Риу Хен Чхор аҧсуа делегациа ажәа риҭеит, Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡыргара шымҩаҧиго кореиатәи абизнесменцәеи, анаплакҩыцәеи рзы. Гәахәарыла идыикылеит Аҧсны аҭааразы ааҧхьара, иагьазгәеиҭеит Аҧсны аганахь ирымоу азҿлымҳара даара ишыҳараку, иаарласны иагьшаҭаауа.

Аиҧылара ахырқәшамҭаз, аганқәа еимырдеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

ххх

Убри аҽныцәҟа, аҧсуа делегациа аҭааит Тедонгантәи ашәыраарыхратә комплекс - адунеи аҟны иреиҳаӡо акомплексқәа руак, 2011 шықәса аахыс аус зуа.

Араҟа иаадрыхуеит аҵәа, аҳа, атама, абҳәа, аҵаҵындра, анаҩс Пхениан инхо рызнагараз. 30 нызқь тонн ашәыр иалырхуеит аџьемқәа.

Убасгьы иҭрыжьуеит агаз змоу аӡыхаақәа, аҵәеи ажьи иалху ауаҭка, абжьеи, акосметика – адухьқәеи, ашампунқәеи.

Абаза аҟны ирымоуп иҷыдоу амаругақәа апластикатә аҧаҭлыкақәа злаҟырҵо. Акомплекс иамоуп ахатә лабораториа. Иааидкыланы араҟа аус зуа рхыҧхьаӡара наӡоит 2500-ҩык рҟынӡа.

ххх

Убасгьы Аҧсны аделегациа аҭааит акафель «Чхоллима» ҭзыжьуа азауад, 2009 шықәсазы иргылаз. Араҟа иҭрыжьуеит зхаҭабзиара ҳараку аргыларатә маҭәахәқәа, адәынтәи аҩныҵҟатәи аусқәеи рзы хкырацәала акафель.  

Аилыркаара азы: есышықәса азауад иҭнажьуеит миллионк метр ҧшьыркца акафель. Ари азауад иҭнажьуа акафель атәыла аҟны зехьынџьара рхы иадырхәоит. Убас, Чханжон амҩеи, Жәлартә Центри, Жәлартә парковкеи «Рынра», Мунсантәи азоопарки ргылараҿы акафель «Чхоллима» оуп ишьҭарҵыз.

Азуад аҟны иаларҵәоуп 200 инареиҳау иҿыцу аҧҵамҭақәа. Зхаҭабзиара ҳараку акафель аҭыжьраан цифратә кьыҧхь рхы иадырхәоит.

Хкырацәала аргыларазы амаҭәахәқәа рыдагьы, араҟа иҭрыжьуеит апластмасс иалхны ааҵәақәа. 

ххх

Нанҳәа 15 азы, аҧсуа делегациа ирҧылеит ахеилак «Jinsong Joint Venture Company» (ааглыхра ласы азы Аминистрра аҿы иаҧҵоу, аӡахразы еиуеиҧшым ахархәагақәа рҭыжьра иазку) ахаҭарнакцәа. 

Аилыркаара азы: Ахеилак иҭнажьуеит еиуеиҧшым аӡахымҭақәа, амаҭәақәа (аӡын азы хыхтәи амаҭәа, ахацәа ркостиумқәа, аиқәақәа, аиҧкақәа, агәырҧхагақәа уб.иҵ.)

Аплан инақәыршәаны, ахеилак иҟанаҵо аекспорт амҽхак арҭбаара арбан 2020 ашықәс азы, аха Еиду Амилаҭқәа Реилазаара Ашәарҭадаратә Хеилак иаланагалаз асанкциақәа ирыхҟьаны, азауад аспециалистцәа аҳәаанхыҵ уажәшьҭа изцом. 

Ахеилак шықәсыктәи аҭыжьымҭа ашәагаа ишьақәнартәоит – 550-нызқь аалыҵ (100-нызқьк аӡын азы хахьтәи маҭәа, 200-нызқь ахацәа рзы акостиумқәа, 150-нызқь амилаҭтә цкқәа ахәыҷқәа рзы, 100-нызқьк еиуеиҧшым аӡахымҭақәа).

Аус зуа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара наӡоит 1050 рҟнынӡа, рхы иадырхәо амаругақәа рхыҧхьаӡара – 1200 нызқь. 

Ахеилак «Jinsong Joint Venture Company» аус рыцыруеит Китаи Урыстәылеи, аалыҵ аекспорт шьақәгылоуп мшынла, аекспорт аамҭа кьаҿ аназоужьу – ҳаирпланла.

Аалыҵ аҭыжьра аҿы рхы иадырхәо аӡа-маӡа роуеит Китаи, Таивани, Белоруссии рыҟнытә. 2014 шықәса инаркны араҟа аус руеит аккредитивла.  

ххх

Уи аҽныцәҟа, аҧсуа делегациа азы еиҿкаан абатә хеилак «Чоиан» аҭаара, уаҟа иҭрыжьуеит хкырацәала зхаҭабзиара ҳараку абамбақьаад иалху аалыҵ.

Ахеилак аҧҵан 2010 ашықәс азы.

Аилыркаара азы: Ахеилак «Чоиан» еиқәыршәоуп иахьатәи аамҭа иақәшәо техникала. Иҭнажьуа аалыҵ ахкқәа рахь иаҵанакуеит: формала еиуеиҧшым абатә мпахьшьқәа, акаруаҭ азы ақәыршәқәа, аҽыкәыбарҭа азы ахалаҭқәа уб. иҵ.

Аалыҵқәа зегьы ирымоуп рхаҭабзиара заршаҳаҭуа асертификатқәа Урыстәылеи, Монголиеи, убас егьырҭ атәылақәа жәпакы рыҟнытә.

Ахеилак аус рыцыруеит аҧсшьарҭатә ҩнқәеи, асасааирҭақәеи, ахәаахәҭратә џьырмыкьақәеи. Хара имгакәа азауад аҵакыра иацҵахоит, уаҟа иҭрыжьлоит аекспорт мацара азы аалыҵ.

Ахеилак аинвесторцәа ирзыҧшуп, иҿыцу абизнес-контактқәа рышьақәыргылара иашьҭоуп. Убасгьы азҿлымҳара ду рымоуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра ашҟа раалыҵ аекспорт аиқәыршәара.

ххх

Амш аҩбатәи азбжазы, аҧсуа делегациа идикылеит Кореиа Жәлар Демократиатә Республика иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Мацегора.

Аиҧылараан ишьҭыхын Аҩадатәи Кореиеи Аҧсни русеицура азы иаҟоу алшақәа ирызку азҵаарақәа.

АААП ахада еиҭалҳәеит Аҧсны аделегациа КЖәДР раара хықәкы хадас иамоу, иагьызгәалҭеит раҧхьатәи ашьаҿа – аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аҩ-палатак знапы аҵрыҩыз акыр шаҵанакуа ҧхьаҟатәи аимадара азы.

Александр Мацегора иазгәеиҭеит, акыр шаҵанакуа аҩ-тәылак рыбжьара аекономикатә еимадара аҿиара. Убасгьы аҧсуа делегациа ирабжьигеит акультуреи аспорти рганахь ала аусеицура ахацыркра. Иара иганахь ала агәра диргеит дшазыхиоу Аҧсуа ААП алагамҭақәа рыдгылара.  

Ацҳаражәҳәаҩ ҷыдала иазгәеиҭеит аҩадакореиа жәлари урҭ ахьаҧшымрахь ирымоу рҽазышәарақәеи гәыкала дшырзыҟоу. Александр Мацегора иажәақәа рыла, Кореиа Жлар Демократиатә Республика ируакуп 12 тәыла официалла зпозициа азырбаз Крым аганахь ала, иагьызхарҵеит Крым Урыстәылатәи Афедерациа иузаҟәымҭхо хәҭакны ишыҟоу.

Убасгьы, ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит асанкциақәа ирыхҟьаны Аҩадатәи Кореиа аҟнытә аусуцәа рхыҧхьаӡара ишагхаз. 2017 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа аҟны инхон, аусгьы руан 34 нызқьҩык рҟнынӡа Кореиа Жәлар Демократиатә Республика атәылауаа. Иахьазы, урҭ рхыҧхьаӡара лаҟәит 14 нызқьҩык аҟнынӡа.

Еиду Амилаҭқәа Реилазаара Ашәарҭадаратә Хеилак иаднакылаз Арезолиуциа инақәыршәаны, ноиабр 2019 шықәсазы, аҩадакореиатәи атәылауаа Урыстәыла рыҟазаара шамахамзар ҟалашьа змам акы акәхоит. Аха убри аангьы, формалла уахәаҧшуазар урҭ рыҟазаара аҧҟарақәа еиланагом.

КЖәДР аҟны иахьа инхоит 160 нызқьҩык Урыстәала атәылауаа, урҭ ирымоуп рхатә дгьылҵакыра, аурыс школқәа, ахәшәтәырҭақәа.

ххх

Тамила Мерцхәлааҧҳа КЖәДР аҭаара илызцәырнагаз ацәаныррақәа рыхҳәаа ҟаҵо иазгәалҭеит, даара дшазҿлымҳаз хкырацәала мапацәкратә ҧҟарақәа змоу атәыла аҧсҭазаашьа хаҭала абара.  

- Аҳәаанырцәтәи амассатә аинформациатә хархәагақәеи, аҳәаанырцәтәи ахеилакқәеи ишырҳәо, ишаҳдырбо еиҧш зегь ыҟам.

Аҩадатәи Кореиа акәша-мыкәша идырҿио амифқәа даара ирацәоуп. Аха ус шакәугьы, иҟоуп фактқәак аиаша иақәшәо. Иаҳҳәап, еиҳараҩык ауааҧсыра рзы аинтернет аркуп.

Акыр зҵазкуа аҭыҧ аанакылоит – ахаҭаратә культ. Ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы англыз бызшәа аҵаразы ҧырхага ҳәа акгьы ыҟам, англыз бызшәа здыруагьы, иалацәажәогьы рацәаҩуп. Аурыс бызшәа иахьабалак ирҵоит.

Убасгьы иашам аинформациа, аҳәаанырцәтәи авалиута ахархәара азы азин ыҟам ҳәа: аҩадакореиатә воно инаваҟәыло ауааҧсыра рхы иадырхәоит адоллари, евро, иуани, - лҳәеит Тамила Мерцхәлааҧҳа. 

Лара иазгәалҭеит, атәыла аекономика еиҳау азбжарак аҳәынҭқарра ишатәу. Ахатә еилакқәа зынӡа имаҷуп, убасгьы КЖәДР аҟны заҵәык шакәу ауааҧсыра аҳәынҭқарра аҿаҧхьа ашәахтәқәа ахьрыдам. Насгьы алаҵәара шрымоу агәыҳалалратә лагалақәа ахәыҷтәы усбарҭақәеи, ақыҭанхамҩеи, арри рырҿиареи рныҟәгареи азы. 

Тамила Мерцхәлааҧҳа инаҵшьны иазгәалҭеит КЖәДР ацқьара ахьаҧу ҳәынҭқарраны ишыҟоу. Иара убасгьы ацәгьоурақәа шмаҷу, избан акәзар, ауааҧсыра пату ақәырҵоит рҭоурых, ртрадициақәа, рҳәынҭқарра аҧҟарақәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада иазгәалҭеит Аҩадатәи Кореиеи Аҧсни ирымоу аиҧшрақәа: аҧсуа делеагциа Пхениан ианыҟаз аамҭазы, КЖәДр ауааҧсыра иазгәарҭон рҳәынҭқарра ахақәиҭреи Иапониа ахьаҵреи Аҩбатәи Адунеизегьтәи еибашьра аан иазку аныҳәамш.

Аҧсуа делегациа ирыман алшара аныҳәатә парад хаҭала абара – Кореиа Жәлар Демократиатә Республика аҧҵара 70 шықәса ахыҵра (цәыббра 9) иазку аҽазыҟаҵарақәа.

- Ари даара асимволикатә ҵакы амоуп, зегьы иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ныҳәақәа Аҧсни Аҩадатәи Кореиеи иахьызгәарҭо цәыббра мзазы, - лҳәеит Аҧсны ААП ахада.

КОРЕИА ЖӘЛАР ДЕМОКРАТИАТӘ РЕСПУБЛИКА – акоммунисттә напхгара форма змоу ҳәынҭқарроуп. Азакәанҧҵаратә мчра нанагӡоит Иреиҳаӡоу Жәлар Реизара. Аҩадатәи Кореиа Азакәан Хада излаҳәо ала – амчра ажәлар рнапаҿоуп иахьыҟоу. Аха апрактикаҿы излаҳбо ала, аҳәынҭқарра ахагылара еиҳарак аҭаацәара-шьҭрала ииасуеит.

Иахьазы, КЖәДР дахагылоуп Ким Чен Ын, Аҩадатәи Кореиа раҧхьаӡатәи ахада имоҭа.

КЖәДР аекономика еилаҧсоуп. Ҷыдарасгьы иамоу, 1960 шықәса инаркны иара иакьыҧхьом атәыла аекономикатә статистика, егьырҭ атәылақәа зегьы изыҟарҵо еиҧш.

Аҩадатәи Кореи, март мза 2013 шықәсазы, имҩаҧнагаз атомтә рҭҟәацга ахҧатәи аҧышәарақәа иахҟьаны, Еиду Амилаҭқәа Реилазаара Ашәарҭадаратә Хеилак иаднакылеит Арезолиуциа 2094. Уи инақәыршәаны КЖәДР аганахь ала адунеизегьтәи афинанстә система аҟнытә аҧара анашьҭра азы асанкциақәа алагалан.

Асанкциақәа шыҟоугьы, Аҩадатәи Кореиеи 100 инареиҳаны атәылақәеи ахәаахәҭратә еимадара рыбжьоуп.

Атуризм КЖәДР аҟны уамак иҿиам, аха ус шакугьы аҧсшьаҩцәа рхыҧхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит, урҭ еиҳараҩык иҷыдоу амилаҭтә культура иазҿлымҳақәо роуп. Аҩадатәи Кореиа ҳара ҳеиҧш аофициалла Ашықәс Ҿыци, Қьырсаныҳәеи азгәарҭом. Итрадициатәу дара рзы аныҳәақәа азгәарҭоит амзар инақәыршәаны.