Ажәабжьқәа

Аҧсны ААП Аҟәа инхо Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аветеранцәа Аиааира Амш рыдырныҳәалеит

08.05.2018

Маи 8 рзы, 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы Аиааира амш азгәаҭара аламҭалазы, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадара аӡбара инақәыршәаны, апалата аусзуҩцәа рыҩнқәа ирҭааны ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа лыхьӡала ирыдырныҳәалеит Аҟәа инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа – Валентина Ефим-иҧҳа Шульгина, Филипп Иуана-иҧа Артиух, Бронислав Иан-иҧа Банковски, Нона Иуана-иҧҳа Дорофеева, Владимир Илиа-иҧа Костин, Борис Кьамшьышь-иҧа Кәҭарба, Артаваз Мехак-иҧа Никогосиан, Анна Никәала-иҧҳа Панасенко, Владимир Семион-иҧа  Прокопчук. Урҭ ирызнаган ахаа-мыхаақәеи аҧаратә ҳамҭақәеи.

Убасгьы, маи 8 рзы асасааирҭа «Интер-Сухум» аҟны имҩаҧысит  «Ахаа-мыхаа аныҳәа – маи 9» ҳәа хьӡыс измаз V-тәи акулинартә еицлабра. Акондитерцәа реицлабра аҧҵан 2013 шықәсазы, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҧшьгарала. Есышықәса иара амҩаҧгара акрызҵазкуа аныҳәатә рыцхәак иадырҳәалоит. Убри атрадициа иацҵауа, сынтәа «Ахаа-мыхаа аныҳәа» адҳәалан Аиааира Ду Амш – маи 9.