Ажәабжьқәа

АҦСНЫ ААП 60-ТӘИ ДАМАССКТӘИ АИАРМАРКА АҞНЫ. ИНЕИҴЫХУ АРЕПОРТАЖ

20.09.2018

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата раҧхьатәи ахада Гагәылиа Геннади Леонид-иҧа игәалашәара аҳаҭыр азы

 

Цәыббра 6 инаркны 15 аҟнынӡа, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҟны «60-тәи Дамассктәи жәларбжьаратәи иуниверсалтәу аиармарка» мҩыҧысуан. Уи рхы аладырхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа. ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа дызхагылаз Аделегациа иалан жәҩык Апалата аусзуҩцәа.  

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра иофицалтәу аделегациа, атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба дызхагылаз.

Аиармарка ашҟа ааҧхьара Апалата иазаашьҭын ҧхынҷкәын 2017 шықсазы, Шьамтәылатәи Араб Республика Аҧсны ахьаҧшымра азханаҵаанӡа.

Араҟа иазгәаҭатәуп Дамасктәи аиармарка ААП ҩынтәны ахы аланархәуеит. Раҧхьаӡа акәны иаҭааит нанҳәамза 2017 шықәсазы.  

Аиармарка ашҟа ааҧхьара имарианы иҟамлеит, уи иаҧхьанеиуан ААП имҩаҧнагоз Аҧсны Шьамтәыла аҟны аӡыргаразы аусура.

Раҧхьаӡатәи аҽазышәарақәа, Аҧснытәи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика ААП рыбжьара аиқәшаҳаҭра абжьаҵаразы иҟаҵан 2009 шықәсазы, аха усҟан азы ШьАР Адәныҟатәи аусқәа рзы Аминисттра ари аҩыза аимадара ашьақәыргылара иаҿагылеит. Анаҩс, 2014 шықәсазоуп ианалшаха Аҧснытәи ААП, Шьамтәыла аекспортиорцәа Рхеилаки, Шьамтәылатәи ахәаахәҭратә палатеи аусрыцуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Уи ахҭыс ҟалеит Ливан.

2016 шықәсазы, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата шьамтәылатәи анаплакҩыцәа Аҧсныҟа ааҧхьара рынаҭап ҳәа акәын, урҭ рхы аладырхәырц иҷыдоу шьамтәылатәи аалыҵқәа рцәыргақәҵаҿ. Аха, усҟан Шьамтәыла иҟаз арратә ҭагылазаашьа иахҟьаны уи апроект зынагӡамхеит. 

Ус шакәугьы, Аҧсны ААП имҩаҧнагаз аус баша имбжьамӡит, дук мырҵыкәа апалата ахьӡ ала иаашьҭын Дамасктәи аиармарка алахәраз ааҧхьара еиҟароу азинқәа змоу алахәылацәа раҳасабала.

Зегь реиҳа акырӡҵазкуа ҳҭысны иҟалеит, Аҧснытәи ААП жәларбжьаратәи ацәыргақәҵакәа рҿы акыр шықәса раахыс ишалахәызгьы, раҧхьаӡа акәны Аҧсны абираҟ шьҭыхын 59-тәи Дамасктәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа алахәылацәа рбираҟқәа ираҟараны.

- Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәеи ҳареи ҳаиҿцәажәарақәа акыраамҭа ҳцәыргеит, аха аҵыхәтәаны иақәшаҳаҭхеит Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхра. Аҧсны ААП аофициалтә хаҭарнак Шьамтәылаҟны Низар аль Џьаббан уацәҟа иҿеиҵеит Аҧсны абираҟ аӡахраз, ҳара ҳаннеи аламҭалаз ҳбираҟ егьырҭ абираҟқәа ирылагылан, - игәы иаахәаны еиҭеиҳәон АААП раҧхьатәи ахада Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа.

  – Аирмарка алахәылацәеи асасцәеи, ҳашьа змам азҿлымҳара аадырҧшит аҧсуа стенд аганахь ала, уи даҽа зныкгьы иарҵабыргуеит, адунеижәларбжьаратәи еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рылахәра акыр шаҵанакуа. Ацәыргақәҵақәа Аҧсны аимиџь ашьҭахра мацара аҟны акәӡам ацхыраара ахьазнауа, иара убасгьы, иацхраауеит абизнес-контакт ҿыцқәа рыҧшаара, акультуратәи, ахәаахәҭратәи, аекономикатәи еимадарақәа рымҽхак арҭбаараҿы.

Иахьазы Шьамтәыла хиоуп Аҧсны ААП ала ҳҩы аархәаларц. Егьысгьы иҟоуп имаҷымкәа аинтерес зҵоу алагалақәа, - иҳәеит Геннади Гагәылиа, 2017 шықәсазы Шьамтәыла аҭаара ахҳәаа ҟаҵо. 

Абаар уажәшьҭа иҿыцу ааҧхьара, аха уажәазы аҧсуа делегациа аиармарка иалахәын Шьамтәылатәи Арабтә Республика аофициалла ахьаҧшымра зханаҵаз атәыла аҟнытә. Уажәазы, Геннади Гагәылиа Шьамтәыла даҭааит Аҧсны аҧыза-министр иаҳасаб ала, Тамила Мерцхәлааҧҳа – Аҧсны ААП ахадас. 

Аҧсны павилион аҵакыра зегьы уамашәа ирбон, уи 100 метра ҧшьыркца иҟан.

- Аҧсуа павилион аиҿкаара, иара апроектгьы, аидеагьы зтәыз Геннади Гагәылиа иакәын. Иара иоуп алагала ҟазҵаз апавилион аҧштәқәеи, атематикеи, ицәыргақәҵахо аалыҵи еиҳа ианало, еиҳа иахәҭо. Убасгьы иара иабжьгаралоуп апавилион ҧшь-тематикак рыла изшаз: атуризм, аҭоурых, ақыҭанхамҩа, аҩқәа. Иааидкыланы, афатә-ажәтә еидара 1,5 тонн рҟынӡа инаӡон, - лҳәеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Ҷыдала иазгәаҭатәуп аиармарка раҧхьаӡатәи амш «Аҧсн амш» ҳәа изрылаҳәаз. Асасцәа идырбан Аҧсны иазкны акиносахьа, насгьы урҭ рҿаҧхьа акәашаратә ансамбль «Кавказ» иссирны иқәгылеит. 

ААП аиармарка аҟны ицәырнагеит хкырацәала Аҧсны иҭрыжьуа аалыҵ -  ЗҲӘА «Аҧсныи аӡқәеи аҩқәеи», ЗҲӘА «Абхаз Шато», «Аргун Иашҭа», «Ашәба Иашҭа» аалыҵқәа, АН Муқәба, ЗҲӘА «Ауараштә зауад «Сухумский» (алимонади ауараши), ААӠ «Ауадхара», ЗҲӘА «Ресурс Юг», еиуеиҧшым аџьемқәеи, аиҵыршқәеи ЗҲӘА «Абхазски сады», «Ахҿарах» рыҟнытә, ЗҲӘА «Торговый дом Рубин» (ашәыреиларшӡқәа), аџьыка «Амца» ахеилак «Абхазпродукт» аҟнытә, ИН Камила Кәыҵниаҧҳа (аџьынџьыхәи, асыӡбали), АУН «Абхазмед» (аҧсуа ацха), АН Џьанашиа, АН Миквабиа, АУН «Кутол» (хкырацәала ачаи).

 Убасгьы Аҧсны апавилион аҿы ицәырган асувениртә анаплахқәагьы, аскульптор Аслан Нанба акерамика иалхәу иусумҭақәеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра асимволикеи атрибутикеи.

Апавилион асасцәа Аҧсны иазкыз акиносахьа анаҩс, ирбар рылшон еиуеиҧшым акьыҧхь аалыҵқәа, Акультуреи Атуризми аминистррақәеи, Аҳәынҭқарратә аинвестициатә маҵзуреи еиқәдыршәақәаз, иара убас арабтә бызшәалагьы.

«Ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасаб ала ААП ари ацәыргақәҵа иалахәын. Ҳара иҳаман алшара, даараӡа ишьахәыз, аирмарка аартра ацеремониа аҭаара, уи еиҿнакааит Шьамтәылатәи Арбатә Республика аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи Аминисттра. Ҳара ҳпавилион ашҟа асасцәа ирымаз азҿлымҳара даараӡа иҳаракын, раҧхьаӡа аиармарка ҳаналахәыз еиҧшцәҟа. Зегьы иазгәарҭон аҧсуа експозициа амҽхак аҭбаара, аалыҵ ахкырацәа», - лҳәеит ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа.   

Мерцхәлааҧҳа ҷыдала иазгәалҭеит, ШьАР аҟны иҟоу Аҧсны ААП ахаҭарнак Низар Альџьаббан хәшьара змам аиармарка аиҿкааҩцәа рацәажәааран, убасгьы аҧсуа павилион аргылараан ицхыраара.

Апавилион «Аҧсны Аҳәынҭқарра» аганаҿ игылан Чехиа, Китаи, Кореиа Жәлар Демократиатә Республика, Венесуела, Судан, Афганистан, Нхыҵ Уаҧстәыла, Палестина, Македониа, Бразилиа, Индонезиа, Индиа рпавилионқәа.

Зегь реиҳа ҳаҭыр зқәыз сасны Дамассктәи аиармарка аҟны, ҳәарада, аҧсуа аекспозициа аҟынгьы, дҟалеит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара аиармарка аартра ацеремониа аҟны дықәгылеит, иҟаиҵеит адныҳәаларатә ааҧхьара.

Аҧсуа павилион Аҧсны Ахада даҭааит ШьАР аҧыза-министр Имада Хамис дицны. Урҭ дырҧылеит ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧхеи, Апалата аусзуҩцәеи.

Убасгьы, Аҧсны апавилион сасцәаны иаҭааит Урыстәыла Афедерациа, Венесуела, Белоруссиа, Аиармантәыла, егьырҭ атәылақәагьы жәпакы рыцҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.

Аҧсуа павилион зныкымкәа иаҭааит ҳҳәынҭқарра иаҩызоу Шьамтәыла иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Имад Сааб. Иара иазгәеиҭеит акыр шаҵанакуа 2009-тәи шықәсазы Венесуела иҟанаҵаз Апсны азхаҵара, анаҩсгьы аҩ-тәылак русеицура, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, амҽхак арҭбаара шахәҭоу.   

Имад Сааб, аҧсуа павилион аҟны аҧыза-министр, ҧыхьатәи Аҧсны ААП ахада, Геннади Гагәылиа дшыҟаз анеиликаа, иаарласны иҿаанихеит уи аиабадырразы, иара иахь имоу патуқәҵара аарҧшразы, убасгьы еиуеиҧшым азҵаарақәа Аҧсны Аҳәынҭқарреи Венесуелеи реиамадара арҿиаразы иара имааҵуратә ҭакҧхықәра аҳәаақәа ирҭагӡаны рыӡбара дшазыхиоу.

Аҧсуа павилиан убасгьы иаҭааит, Дамасктәи Ахәаахәҭратә палата алахәыла Хассан Азкул, Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахәаахәҭратә палатақәа рфедерациа амаӡаныҟәгаҩ хада Мохамад Хамчо, убас егьырҭгьы аофициалтә хаҿқәа.

60-тәи жәларбжьаратәи Дамассктәи ауниверсалтә иармарка аартра аҽны, Аҧсны ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳеи, «Шьамтәылатәи Арабтә Республика аныпҟазацәа Рхеилак» ахантәаҩи Нажи аль Хадуа, агәырӷьарала рнапы аҵрыҩит еицырзыфеидоу аиқәшаҳаҭра ҧхьаҟа аус аицура азы.

Аиҧылараҿы убасгьы далахәын «Дамаск анапҟазацәа Рхеилак» ахантәаҩы Исам аль Зеибак.

Аҧсны атуристә хырхарҭа ҿиарала аизҳара ишаҿу, еиҳараҩык аҧсшьаҩцәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа шракәу азгәаҭаны, аҧсуа делегациа здызкылоз аган Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ашҟа аҳәара ҟарцеит, ШьАР анапҟазацәа рааглых ахьцәыргахо иҷыдоу ацәыргақәҵа аиҿкааразы.

Иаартны иалацәажәеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахәаахәҭратә Ҩны Аҧсны аартра, уи азы иҟоу алшарақәагьы азгәарҭеит. Уаҟа ицәыргахоит шьамтәылантәи хкырацәала аалыҵқәа, уи, ҳәарада, ацхыраара ду анаҭоит иҿыцу абизнес-партниорцәа рыҧшааразы.

Аиҧылара ахырқәшамҭаз, ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧха гәаларшәагатә   ҳамҭас илыҭан аҳәа, аӷацәа риааира иасимволу.

Аиармарка аҳәаақәа иҭагӡаны Аҧсны ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа диҧылеит Аахыҵ Уаҧстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Алан Алборты. Аиҧылараан, дара еибырҳәеит реимадара аформақәа, иара убас анаҩстәи аусеицуразы Аикәшаҳаҭра рнапы аҵаҩра азы иҟоу алшарақәа. IX Аҧсны-урыстәылатәи русутә форум, жьҭаара 12 рзы Аҟәа имҩаҧысуа, Алборты алахәра дақәшаҳаҭхеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа далахәны, Тамила Мерцхәлааҧҳа лхы алалархәит Шьамтәылатәи абизнес-еилазаареи, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҟны иреиҳақәоу Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рхадақәа реилацәажәара аҟны. Шьамтәылатәи ААП Рфедерациа ахада Хассан Калаа абри аҩыза аиҧыларақәа аҵак ду шрымоу азгәеиҭеит, анаҩс, аимадаразы аҧеиҧш змоу хырхарҭақәас иалеикааит Шьамтәылантәи Аҧсныҟа абатә аалыхи афатә-ажәтәи рекспорт.

Аиҧылара аҟны убасгьы ирылацәажәеит ҧхьаҟатәи аҩ-ҳәынҭқаррак адәныҟатәи ахәаахәҭратә реимадара аперспективақәа, визала аиҭанаиааира азҵаарақәа, аинвестициатә ҳауа, алогистика, абанкттә хырхарҭа егьырҭ азҵаарақәагьы. Аиҧылара ахырқәшамҭаз уи алахәылацәа еимырдеит агәалашәартә ҳамҭақәа, издызкало аган еиҿнакааит аныҳәатә аишәа-чара.

Уи аусмҩаҧгатә аҟны Тамила Мерцхәлааҧҳа диабадырит Алеппо ақалақь Ахәаахәҭратә палата анапхгара алахәыла Адель Ричи, иара убасгьы иааирҧшит агәаҳәара Аҧсны ААП аусеицура рыбжьаларц.

Аҳҭнықалақьтәи асасааирҭа «Дама Роз» аҟны имҩыҧысит Аҧсны аҧыза-министр Геннади Гагәылиеи, Аҧсны ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳаи Шьамтәылатәи Арабтә Республика Апарламент ахаҭарнак Хамза Шахини реиҧылара.

Хамза Шахини ҷыдала иҽазкны асасааирҭахь дааит Геннади Леонид-иҧа диҧыланы, Аҧсны ААП ала аҧсуа наплакҩыцәа аусрыцура азы азҵаарақәа дрылацәажәарц. Иара Тамила Мерцхәлааҧҳа ажәа лиҭеит, илшо зегьы шыҟаиҵо ицәырҵуа еиуеиҧшым азҵаарақәа рыӡбараҿы.

Абас қәҿиарала имҩаҧысит Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата 60-тәи Дамассктәи адунеижәларбжьаратәи иуниверсалтәу аиармарка алахәра. 

 - Амаҵура ду, аҭакҧхықәра зцу, аанызкылоз, ари абжьарак аофициалтә еиҧыларақәа идырааҧсахьаз, есыҽны иазииҧшуан аамҭа аҧсуа павилион аҭааразы. Есымша дҳадгылан, хьаас ҳиман, игәыҳаладуун. Уи аамҭазгьы дахьӡон асасцәа рыдкылара, урҭ арацәажәара, аинтервиуқәа рыҭара, апавилион аҭааҩцәа ачыс агьама дирбон, аҳамҭақәа риҭон, еснагь, Аҧсны ААП аусзуҩцәа игәы ҳҭан, - лгәалаларшәон Тамила Мерцхәлааҧҳа. 

Ҧхьаҟа ишьҭаз агәҭакқәа рацәан, урҭ рынагӡашьа амҩақәа Геннади Леонид-иҧеи ҳареи ҳалацәажәахьан. Аиармарка аҟны оума, Аҧсны оума, аӡәгьы ихы аҿы изаагомызт ҳделегациа Шьамтәыла аҭаара абас трагедиала ихырқәшахоит ҳәа.

Аҧсны ААП аусзуҩцәа даара ргәы иҵхон рколлегацәа Шьамтәыла иахьынӡыҟаз, избан акәзар уи атәылаҿы ицон аибашьра. Иара убасгьы хьаас ирыман, ауаа аӡәырҩы негативла иахьрыдыркылаз аҧсуа делегациа Шьамтәыла аҭаара, иҽеим рхырҳәаауан уи алахәылацәа. Заҟа инасыҧзеи, аҳаирбаӷәаза аҟнытә адырра анҳау, аҧсуа делегациа бзиарала ихынҳәит ҳәа, зегьы аҩныҟа амҩа иқәлеит ҳәа. 

Ҳара агәра ҳзыгом Геннади Леонид-иҧа уаҳа дшыҟам атәы. Иахьагьы иара иҧсы ҭоушәа ҳаизыҟоуп, иҳаҳауеит ибжьы, ҳабла дыхгылоуп… 

Иара иҧсҭазаара зегьы, имчқәа дырмеигӡакәа, Аҧсны амаҵ ауреи, Аҧсни егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи, Аҧсны аӡыргареи иазикит. Убасгьы Шьамтәылеи ҳареи ҳаимадара раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵан иара инапхгарала. Иуаҩытәисатә ҟазшьақәа рыла дҧызан, аус ицура маншәалан, избан акәзар досу иус идыруан.   

Геннади Леонидович еиҧш зеиҧшу дыҟамызт! Закәытә насыҧзи иара инапаҵаҟа аусура. Шәазхәыц, шәнапхгаҩы даҽа џьара аусура диасуеит, имаҵураҿы дҳараркит, иколлектив доурышьҭыр рҭахӡам, игыланы иҵәыуоит. Ҳхы мацара ҳазхәыцуеит ҳәа шәгәы иаанагома? Ус акәзаргьы ҟалап… Аҧсадгьыл сыҧхьоит иҳәеит, схынҳәуеит иҳәеит… Иашаны, аибашьрахь дцомызт, иҳабжьазгьы ҩба-хҧа квартал роуп… Игәра ҳгеит, ҳаизыҧшын…

Геннади Леонид-иҧа! Иҭабуп шәгениалреи, шәҟәышреи, шәычҳареи, иҳашәҳәоз амҩақәҵагатә ажәақәеи рзы! Иҭабуп еицымҩаҧаҳгаз амшқәа зегьы рзы!

Шәара ишәааӡеит абиҧара, шәзықәгәыӷыр шәылшо! Еиҵаашәаӡаз абиҧара, иалаҽхәаны ирҳәар рылшоит шәнапаҵаҟа аус руан ҳәа! Ҳара аӡәыкны ҳаидгылоуп, убас ҳаҟалара зыбзоуроугьы шәара шәоуп!

Ажәытә аахыс ауаа ражәа иалоуп: «Ауаҩы дыҧсӡом игәалашәара аҧсы ахьынӡаҭоу» ҳәа. Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа ари адгьыл дшықәыз атәы зҳәо ашьҭа ҵаула аанижьит.