Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарреи Сербиа Аҳәынҭқарреи Рхәҳахәҭра-ааглыхратә палатақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рперспектива

05.08.2013

Сербиа анапалакыҩцәа рааҧхьарала, АА ААП ахада Гагәылиа Геннади хадара ззиуаз Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа аусуратә визитла иаҭааит Сербиа Аҳәынҭқарра иаҭааит. Имҩаҧган акымкәа анапалакыҩцәа рҧыларақәа, урҭ рҿы иалацәажәан аганқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа реиӷьтәра, аимадарақәеи аганқәа еицырзыфеидоу аусқәа рыҧшаара, анаҩстәи аусеицура ацҵаразы. Арҭ азҵаарақәа рыӡбаразы аиҧыларақәа ирыцҵан Сербиа Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палатаҿ.

Аустә визит иацҵан Урыстәыла Афедирациа Ахәҳахәҭратә хаҭарнакраҿ, уаҟа иалацәажәан аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азҵаатәқәа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата иауит адгылара Ахәҳахәҭратә хаҭарнакра аганахь ала.

Анаҩстәи амшқәа рзы аделегациа аҭааит акымкәа Белград анаплакқәа, уаҟагьы иалацәажәан аимадарақәа рыбжьаҵара аимадара.

Раҧхьатәи аустә визит Сербиа алҵшәақәа биахап ҳәа ҳгәы иаанагоит.