Ажәабжьқәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата ишәыдырныҳәалоит Аиааира ду амш!!!

25.09.2013

Ҳаҭыз зқәу ҳҩызцәа, ари амш лаша аҽны, ҳажәлар зегьы рзыҳәан иҧшьоу Аиааира ду 20 шықәса ахыҵра шәыдаҳныҳәалоит. Аҿиареи аҭынчреи агымзааит ҳаҧсадгьыл.

Ҳара иахьа ари амш ныҳәа азгәаҳҭаратәы аҭагылазаашьа аиура мариашызт. Аиааира мариала иаҳмоуит. Иара рхы  ақәырҵеит х-нызқьҩык инареиҳаны аибашьцәа-афырхацәа, аиашеи зыҧсадгьыли рыхьчараз игылаз.  Имҩаҧган хыҧхьаӡара рацәала ажәыларақәа  урҭ зегь маншәаламызт. Иҟан Хәажәкыратәи ажәылара еиҧш ишьаарҵәыраз, ҳажәлар агәаҟреи аҧсыҭбара рацәеи рзаазгаз. Аибашьра аҭоурых аҿы мшы еиқәаҵәаны, наунагӡа иаанхоит Лаҭатәи атрагедиа ҧхынҷкәын 14 амш.

Аха зегь акоу ҳажәлар ргәы кармыжьит, иҭахаз ирыҧсаҧахеит Аиааира. Ҳажәлар шықәсык инареиҳаны иззыҧшыз изызгәышьуаз Аиааира амш. Уи алыршахеит еиҳарак  Аҧсуа жәлар ирымоу ахықәкқәа рынагӡараз рымчи рылшеи рмеигӡарала.  Иахьа Аҧсны ирласны аҿиара мҩа иануп  ихьаҧшым аҳәынҭқарра аргылараҿы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны  Аҧсны Аҳәынҭқарра аекономикатәи асоциалтәи ҿиараз алшара шамоу Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, азин шҳашәҭ даҽазныкгьы ақырҭуа-аҧсуа еибашьраҿы аҧсуа жәлар риааира 20-шықәса ахыҵра.

НАГӠАРА АҚӘЗААИТ  АҦСУА ЖӘЛАР РИААИРАҚӘА!!!