Ажәабжьқәа

19 жәларбжьаратәи атуристтә ацәыргақәҵа «Акурортқәеи атуризми 2013»13»

06.02.2013

Жьырныҳәа 10-14, 2013 ш ақалақь Шәача имҩаҧган 19 жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа «Акурортқәеи атуризми – 2013»

Шәачатәи ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа рааҧхьарала Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҳәааҳҭра – Ааглыхратә Палата аделигациа ацәыргақәҵа афициалтә аартра иалахәын.

Ари ацәыргақҵа мҩаҧгоуп Урыстәыла Афедерациа атуризм азы афедиралтә Агентра, Урыстәылатәи атуриндустриа Аидгыла, Урыстәылатәи асасааирҭақәа рассоциациа, Краснодартәи атәылаҿацә Ахадара, Краснодартәи атәылаҿацә Ахәаахәҭра – Ааглыхратә палата, Шәача ақалақь Ахәаахәҭра – Ааглыхратә палата, Шәачча ақалақь ахадара рыцхыраарала.

Ацәыргақәҵа «Акурортқәеи атуризми» еисышықәса иаанартуеит Урыстәыла атуристтә аамҭа, акурорттә ҟәшаҿы урысттәылатәи иреиҳау ацәыргақәҵақәа иреиуаны иҟоуп иара. Иара иалахәуп – ишьагәыҭу аҟәша аидҵақәа, атуроператорцәа, асасааирҭақәа, аҧхьагылара змоу агәабзиарахьчаратә усурҭақәа, авиакомпании, ахыхьчаратә компаниақәа иара убас егьырҭгьы.

Ацәыргақәҵа амҩаҧысра иалагӡаны атуристә агентра «Дольче Вита», Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра – Ааглыхратә палатаҿ ишьаҭарку, иаҵанаҩит аиқәышаҳатрақәа аҧхьагылара змоу агәабзиарахьчарҭақәа, апансионатқәеи атуроператорцәеи, урыстәыла азҿлымҳара змоу ахырхарҭақәа рҿы аус зуа.