Ажәабжьқәа

АҦСНЫ ААП ИӠЫРНАГЕИТ АНАПЛАКҚӘА РЕИЗАКХЬӠЫНҴА-2020

28.02.2020

Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата иҭнажьит 12-тәи Анаплакқәа реизакхьӡынҵа. Ақьафурҭа «Ерцахә» имҩаҧысуаз аҭыжьымҭа аӡыргарахь ааҧхьара рыман анаплакцәеи, Жәлар Реизара адепутатцәеи, ачынуааи, ауаажәлар рхаҭарнакцәеи, ажурналистцәеи.

Анаплакқәа реизакхьӡынҵа – ари, ҳәарада, з­­ымҽхак ҭбаау, аекономика асубиектқәеи, еиуеиҧшым амаҵурақәеи, атауарқәа рӡыргареи ахьеизгоу ҭыжьымҭоуп. Араҟа иуҧшаар улшоит узышьҭоу анаплакы, уи иазкны ихадоу аинформациа уоуеит, иахьыҟоу аҭыӡҭыҧи хадарала изызку ауси еилукаауеит, насгьы уи анаплакы аҽамадаразы аконтактқәа рыҧшаара улшоит. Убри азоуп ари Аизакхьӡынҵа Аҧсны аҩныҵҟа адагьы, ҳтәыла анҭыҵгьы иашьҭоу, иазҵаауа зырацәаҩу – аӡәырҩы аҳәара ҟарҵоит Урыстәылаҟа ари аҭыжьымҭа рзынарышьҭырц.

Ҳәарада, ари есышықәстәи аҭыжьымҭа аизгареи азырхиареи – имариоу усым. Шәықәсыцыҧхьаӡа анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи рхыҧхьаӡара иацлоит, убарҭқәа зегьы Аизакхьӡынҵа ианыҧшуазароуп. Убри аҟнытә аҭыжьымҭа есышықәса аинформациа ҿыц арбахоит. Сынтәа иара хадаратәла иазкхеит Аҧсны имҩаҧысуа аинвестициақәа рганахьала аусура. Иарбанзаалак атәыла, уи афинанстә статус зеиҧшразаалакгьы, аинвестициақәа рааҧхьара иашьҭоуп. Еилкаауп, аҳәынҭқарратә капитали, аекономикеи рышьақәгылараҿы, реизырҳараҿы, аинвестициақәа инарыгӡо ароль акырӡа ишдуу. Убри азоуп, Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатагьы изаӡбыз, 2020 шыкәсазтәи Аизакхьӡынҵа абас еиҧш акырзҵазкуа атема иазнакырц.

Иҧштәылоу аҭыжьымҭа 272 даҟьа амоуп, уи ианылеит 1300 анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи, ахазхаҭалатә наплакцәеи ирызку аинформациа. Урҭ рыҟнытә шьоукы апрезентациаҿы ицәырган иҭрыжьуа раалыҵ ала – ацха (ААН «Аҧсуацха»), аџьемқәеи, ашәыреиларши (ЗҲәА «Аҧсуа баҳчақәа»).

Апрезентациа алахәцәеи, асасцәеи рҿаҧхьа иқәгылаз ААП ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа еизаз зегьы иргәалалыршәеит, Аизакхьӡынҵа аҭыжьра шаҧшьигаз апалата аҧҵаҩы, уи раҧхьатәи ахада Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа. 12 шықәса раҧхьаҟагьы иара ибзиаӡаны еиликаауан ишааиуа аамҭа, абри аҩыза аҭыжьымҭа анаплакцәеи, зус аекономика иадҳәалоу аспециалистцәеи рзы хәарҭара ду змоу акы акәны ишыҟало. Иагьазгәалҭеит, иахьазы Аизакхьӡынҵа мацара шакәу инарҭбааны анаплакқәеи аиҿкаарақәеи ирызку аинформациа узҭар зылшо.

«Аинвестициақәа ртема актуалра амоуп 26 шықәса раахыс – аибашьра анеилга инаркны. Ҳара ианакәызаалак еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рҿы иазгәаҳҭоит Аҧсны иамоу иуникалтәу аинвестициатә мчхара атәы, уахь иаҵанакуеит атәыла агеографиатә ҭыҧ, аҿиара иаҿу атуризм, атранспорттә-енергетикатә мчхара, аҧсабаратә ҭаҵәахқәа ухәа убас иҵегь. Аинвестициатә процесс арцыхцыхразы ихадоу ароль нарыгӡоит аҳәынҭқарратә мчратә усбарҭақәа, иара убасгьы Аҧсны аинвестициақәа радыҧхьаларазы урҭ инарыгӡо аусқәа. Ҳәарада, уи аганахьала иҟаҵоу маҷӡам, иаҳҳәап, иадкылоуп Аҧсны Ахәынҭқарра азакәан «Аинвестициатә усуразы», иаҧҵоуп аекономика аминистррахь иаҵанакуа Аинвестициатә маҵзура», - лҳәеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Лара лгәаанагарала, аинвестициақәа – аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵара адагьы, имаҷым ашәахтә лагалақәагьы аҳәынҭқарра абиуџьет иазаанагоит. Убри аамҭазгьы, Аҧсны аинвестициақәа алазгалар зҭаху рхыҧхьаӡара усҟаара иахьырацәам зыхҟьогьы – уи аганахьала имҩаҧысуа аусура ахьазымхо ауп.

«Ҳазегьы ҳамчқәа ааилаҵаны, ҳусура рхатәуп ишәарҭадароу, аусуратә ҟазшьа змоу аклимат аҧҵаразы, абизнеси, аконкуренциеи рырҿиаразы, аинвесторцәа рзинқәа ишахәҭоу еиҧш ахьчаразы, имаҷу насгьы ибжьаратәу абизнесқәа акредитқәа ргара рылшо аҟаҵара, урҭ аинвестициатә проектқәа рылархәра. Убасҟан ауп, аинвесторцәа рзы Аҧсны абизнес амҩаҧгара ҧхьаҟа аҧеиҧш бзиа змоу акы акәны ианыҟало», – хәа инаҵшьны иазгәалҭеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Лара лгәаанагарала, ахәынҭқарра еиҳа ирызҿлымҳазароуп, зтәылаҿы акырзҵазкуа апроектқәа рынагӡара зылшо амилаҭтә инвесторцәа.

«Хара имгакәа Аҧсны аинвесторцәа рзы иаарттәуп, урҭ рхазы аҧара арҳара адагьы ҳтәыла аекономикатә ҭагылазаашьа еиӷьыртәразы иманшәалоу алшарақәа рзаҧҵатәуп. Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахықәкқәа ируакуп анаплакцәеи аинвесторцәеи рзинқәеи ринтересқәеи ахьчара. Убри азын ҳара ҳаҧхьаҟагьы иҳалшо зегь ҟахҵалоит абизнес ахаҭарнакцәа рыхьчаразы, адгылара рыҭаразы», - азгәалҭеит ААП ахада.

Анаҩс ахәылҧаз аҟны иқәгылаз Аҧсны аекономика аминистр ихаҭыпуаҩ, Аинвестициатә маҵзура адиректор Саид Гәылариа иазгәеиҭеит аиҧылараҿы иӡырыргаз аҭыжьымҭа хәарҭара ду шамоу.

«Аинвестициа – ари икомплекстәу процессуп, уи иалахәу аусбарҭақәагьы рацәоуп. Ииашоуп, зыӡбахә ҳамоу ахырхарҭала иҟоу ауадаҩрақәа рацәоуп, аха урҭ рыҟнытә иузымӡбо ҳәа акгьы ыҟам» - иҳәеит игәаанагара Гәылариа.

Аҳәынҭқарратә мали априватизациеи рзы Ахәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вахтанг Ԥиҧиа игәаанагарала, Аизакхьӡынҵа аҭыжьра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата азы угәы иаахәо, ибзиоу традицианы иҟалеит.

«Аинвестициақәа – Аҧсны аекономикеи адунеитә економикеи ирыбжьоу, еимыздо цҳаны иҟоуп. Иахьазы ҳарҭ иаҳамоуп Аҧсны ахьыҧшымра азхазымҵац атәылақәа рҟынтә аинвесторцәа. Хымҧада, даараӡа ибзиоуп ААП аҧсуа наплакцәа ахьӡырырго, адгылара ахьрырҭо, насгьы урҭ аҳәаанырцәтәи аџьармыкьақәа рахь рцәырҵра азы алшарақәа ахьаҧырҵо» - иҳәеит Ԥиҧиа.

Ахәылҧаз аҟны, апалата иаҧшьнагаз атрадициақәа инарықәыршәаны, «Иҵоуроу аинвестициатә имиџь ашьақәыргаларазы» Ахәаахҭра-ааглыхратә палата анапхгара аҟынтә адипломқәеи, араӡны медалқәеи ранашьан абарҭ анаплакқәа: ЗҲәА «Кындыӷ-Агро», ЗҲәА «Аҧсуа баҳчақәа», асасааирҭа «Гранд-Афон», ЗҲәА «Авои-Агро».

«Акыршықәса Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аус ацуразы», иҭабуп ҳәа раҳәан, иара убасгьы Аизакхьӡынҵа-2021 аҟны хәыда-ҧсада аӡыргара акьыҧхьра азин узҭо асертификатқәа рыҭан абарҭ аиҿкаарақәа: «Абхазпродукт», «Ахра-2006», «Гаруда-експресс», «Мега-Транс»,  «Ауараш зауад «Аҟәатәи», «Позитив», «Север1», «А-Мобаил».

Ҳәарада, анаплакцәеи абизнесуааи рзы амассатә-информациатә хархәагақәа хәарҭара ду рымоуп, избан акәзар ажурналистика абзоурала анаплакҩы иоуеит алшара иара дызҿу ауси, игәы иҭоу апроектқәеи, иҭижьуа аалыҵи ртәы ауаа рызнагара, рзеиҭаҳәара.  

Раҧхьаӡа акәны, аусеицуразы, иара убасгьы «Атәылаҿы имҩаҧысуа аекономикатә процессқәа обиективла раарҧшреи, анаплакра иазку адырраҭарақәа разыҟаҵареи рзы» ААП иҭабуп ҳәа ранаҳәеит ҩ-телехәаҧшрак: Аҧсуа телехәаҧшреи, «Абаза-ТВ» аканали. Аҳамҭақәа ранашьан Аҧсуа телехәаҧшра ажурналист, апроект «Аҧсуа цәа зхоу» автор Есма Џьыкырҧҳаи, ателехәаҧшра «Абаза-ТВ» адиректор хада Руслан Ҳашыги.

Аизакхьӡынҵа апрезентациа аныҳәатә ҟазшьа аманы имҩаҧысит, амузика адырҳәон Аҳәынҭқарратә камертә оркестр амузикантцәа, ахәылҧаз аҭааҩцәа акыр иазҿлымҳаны Анаплакқәа реизакхьӡынҵа-2020 иахәаҧшуан, иану аинформациа иаҧхьон.