Новости

Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата традициала ишышьақәгылахьоу аиԥш аветеранцәа Аиааира Амш рыдырныҳәалеит.

07.05.2022

Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата традициала ишышьақәгылахьоу аиԥш аветеранцәа Аиааира Амш рыдырныҳәалеит. Апалата ахьӡала аветеранцәа иранашьан аҳамҭақәа, ирзыҟаҵан аматериалтә цхыраара.

Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палатаҿ иақәгәыӷуеит имҩаԥгаз акциа ҳветеранцәа агәахәара рнаҭеит ҳәа. Сынтәа, ҩыџьа аветеранцәа Аиааира Амш аԥылара адагьы шәышықәса рхыҵра азгәарҭоит.

Акциа «Сара с-ветеран» иадыԥхьалан Аҟәатәи абжьаратә школқәа №3, №4 рҵаҩцәа. Ахәыҷқәа ирыман алшара аҭоурых анырра, аветеранцәа рабадырра, аибашьра иазкыз ражәабжьқәа рзыӡырыҩра. Дара ракәзаргьы аветеранцәа ажәеинраалақәа ирызрыԥхьеит, аибашьра атематика иатәу ашәақәа рзырҳәеит. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата ҭабуп ҳәа ахырҳәаауеит ахәыҷқәа ҭакԥхықәра ҳаракыла акциа «сара с-ветеран» иахьазнеиз.

Ашколхәыҷқәа асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа рылахәра еиҵагыло аҿар рпатриоттә ааӡараз, аибашьра амҩа ианысыз рфырхаҵарақәа реиқәырхараз акыр рыҵаркуеит.

Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата инаҵшьны, ҳаҭырла, ҭабуп ҳәа рарҳәоит акциа зхы алазырхәыз – Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу аилазаарақәа «Ҳара ҳаалыҵ», «Альбион». Дара ҳ-ветеранцәа агьама рбарц ирзынарышьҭит раԥхьатәи абаҳчаҵыҵындра аалыҵ.

(4) Facebook