Аҧсны имҩаҧган мото-ендуро а-3-тәи аетап
27.10.2014
Мото-ендуро азы Урыстәыла ачемпионат амҩаҧгараҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата ацхыраа ҟанаҵеит, иара мҩаҧысуан жьҭаара 25 инаркны 27-нӡа Аҟәа араион.
Ачемпионат рҽаладырхәит 53-ҩык аспортсменцәа Урыстәыла Украина, ақалақьқәа Краснодар, Новороссииск, Крым, Севастополь уҳәа егь.
Ҷыдала ари аусмҩаҧгатә азы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата еиҿнакааит АА ААП Акубоки зыхә ҳараку аҳамҭеи – Iphone 5 S.
Аицлабра алҵшәақәа рыла, Воронежтәии Нхыҵ Уаԥстәыла – Аланиатәии еизгоу акомандақәа ириааины 1-тәи аҭыҧ ргеит Аҧсны еизгоу акоманда.