Аԥсны «Арестораторцәа Ргильдиа» аҩбатәи аилатәара
29.07.2013
Иуль 19, аресторан «Аԥра» аҿы Аԥсны аҳәынҭқарра Ахәҳахәҭра-ааглыхратә палата имҩаԥнагеит Аԥсны «Арестораторцәа Ргильдиа» аҩбатәи аилатәара. Аиԥылараҿы рхы аладырхәит абарҭ аресторанқәа рхадацәа: «Аԥра», «Ерцахә», «Дем», «Кантри Чикен», «А-бургер» уҳәа убас егь.
«Арестораторцәа Ргильдиа» иазгәарҭеит аусура ишалагахьоу атрадициатә чысқәа рыҟаҵара аус аҿы. Аилатәара иалҵшәахеит 2013 шықәсатәи аусқәа имҩаԥгатәу рыплан ашьақәырӷәӷәара.